Украинатәи акризис арҽеиразы аимадаратә гәыԥ иахьа еиқәшәараны иҟоуп

© AFP 2023 / MYKOLA LAZARENKOМинсктәи аиԥылара. Архивтә фото.
Минсктәи аиԥылара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Белорусиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра украинатәи акризис арҽеиразы аимадаратә гәыԥ иахьа аиԥылара аиҿкаара ргәы ишҭоу атәы аинформациа арҵабыргит. Аилацәажәаҩцәа акомплекс "Дипсервис Холл" аҟны аиԥылара ргәы иҭоуп, аиԥылара аамҭа макьана еилкааӡам.

АҞӘА, жәб 11 – Sputnik. Белорусиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра украинатәи акризис арҽеиразы аимадаратә гәыԥ иахьа ишеиԥыло атәы аинформациа арҵабыргит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Белоруссиа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациатә напхгара ахада ихаҭыԥуаҩ Мариа Ваньшина лажәақәа ааго.

"Ииашацәҟьаны, иахьа аимадаратә гәыԥ аиԥылара амҩаԥгара ргәы иҭоуп. Аиԥылара аамҭа макьана еилкааӡам", – абри атәы инаҵшьны иазгәалҭеит Ваньшина, иара убас иацылҵеит аилацәажәаҩцәа акомплекс "Дипсервис Холл" аҟны аиԥылара ргәы ишҭоу, уаҟа ааигәа аиԥылара мҩаԥысхьан.

Мариа Ваньшина иазгәалҭеит, аиԥылара аналаго аамҭа еилкаахоит минсктәи аамҭала асааҭ 10 рышьҭахь ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0