Чрыгба: Женеватәи аиҿцәажәарақәа аполитикатә прогресс ҳәа акгьы рымам

© Фото : предоставлено МИД РАЖеневатәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Женева аполитикатә зҵаарақәа рыӡбараҟны макьана апрогресс ибаӡом, абри атәы Чрыгба Аҟәа ажурналистцәа рзы абрифинг аҟны иҳәеит.

АҞӘА, жәб 19 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачислав Чрыгба игәааннагарала Женева аполитикатә зҵаарақәа рыӡбараҟны апрогресс ыҟаӡам, абри атәы Чрыгба Аҟәа ажурналистцәа рзы абрифинг аҟны иҳәеит.

"Аполитикатә хырхарҭаҟны прогресс ҳәа акгьы убаӡом, избанзар аганқәа рпозициақәа еицәыхароуп. Қырҭтәыла амч рхы ишадмырхәо атәы азеиԥштә арзаҳал адкылара мап ацәыркуеит", – иҳәеит Чрыгба.

Аминистр иажәақәа рыла, ари ахырхарҭаҟны апрогресс аҟамзаара агуманитартә зҵаарақәа рыӡбара иаԥырхагаӡам.

"Хықәкы хадас иалхны иҳамоуп женеватәи аиҿцәажәарақәа субстантивтәны рыҟаҵара, алҵшәақәа аиуразы. Ҭыԥк аҟны аныҟәара алҵшәа ҳәа акгьы амаӡам, аҵыхәтәантәи ашықәс азы уи заҵәык ауп иаҳбо. Зегьы апрогресси аизыҟазаашьа бзиақәеи роуп иаҳҭаху" – иазгәеиҭеит Чрыгба.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа аицхантәаҩцәа ара рыҟазаара аҳәаа иҭагӡаны Гал араион иаҭааит, уаҟа азеиԥшрҵаратә школқәеи амедицинатә усбарҭақәеи гәарҭеит, абри атәы ОБСЕ аицхантәаҩы Анжело Гнедингер еиҭеиҳәеит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба - Sputnik Аҧсны
Чрыгба: Америка Аԥсны атәылауаа рзы иамаз авизатә ԥкрақәа зегь аԥнахит

"Аԥсны араионқәа шьоукы рҭаара ҳалшеит, агәабзиарахьчаратә хыбрақәа рахь ҳнеит. Иара убас ҳара ҳхаҭарнакцәа акультуратә ҭынха ахьчара ахырхарҭа аҟны аҭагылазаашьақәа ҭырҵаалоит. Лабҿаба абара алҵшәа амоуп, иара убас аиҿцәажәарақәа рҽазыҟаҵара аҟны ицхыраагӡагоуп", – иҳәеит ОБСЕ ахаҭарнак.

Адедегациа далоуп апрофессор Луи Лутан – Швеицариантәи агәабзиарахьчаразы аексперт, иҳәеит аминистр. Чрыгба иажәақәа рыла, Аԥсны агәабзиарахьчара аганахь ала ацхыраара аҭахуп, Швеицариа иҿиоу ҳәынҭқаррак аҳасабала аԥышәа хәарҭоуп. Аицхантәаҩцәа рделегациа иара убас далахуп Италиатәи акультуратә ҭынха абаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы аексперт Фаусто Пауниалони, Лыхни Бедиеи аныхабаақәа раҭаара ргәиҭоуп, архитектуратә баҟақәа рҭагылазаашьақәа рбарц азы, иазгәеиҭеит аминистр.

"Бедиатәи Лыхнытәи аныхабаақәа – абжьаратәи ашәышықәсақәа иршедеврқәоуп, аха, рыцҳарас иҟалаз, ашәарҭара иҭагылоуп. Иҟалап, ҳаԥхьаҟа егьырҭ абаҟақәагьы ҭҵаахаргьы", – иҳәеит Чрыгба.

Аицхантәаҩцәа амшаԥы 17-18 рзы Женева имҩаԥысуа иааиуа араунд аҟны ахырхарҭақәа зегь рыла аусура ацҵара ишазхиоу атәы рҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0