Ҳаџьымба: хышықәса ирылагӡаны атәанчхәы жәа-нызқь рҟынӡа инаӡоит

© Sputnik Томас ТхайцукВстреча Р. Д. Хаджимба с общественностью
Встреча Р. Д. Хаджимба с общественностью - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахадеи Аҟәа араион ауааԥсыреи реиԥылараҿы асоциалтә-економикатә зҵаарақәа ирзааҭгылан.

АҞӘА, жәб 19 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Хышықәса ирылагӡаны Аԥсны атәанчаҩцәа ироуа аԥара жәа-нызқь рҟынӡа ихалоит иҳәеит Рауль Ҳаџьымба аԥшьашаҽны Аҟәа араион ауааԥсыра рԥылараҿы.

"Зегь еиласкаауеит, иахьагьы иацлар ҳҭахгәышьоуп аха, ари апроцесс ус имариам", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Уи адагьы, ахада иазгәеиҭеит аинфлиациеи амааҭ акурс алаҟәреи ирыхҟьаны, атәанчахәы ашьҭыҵра уи аҟара иунырратәы иҟалом ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит атәанчахәи ауалафахәи рышьҭыхраан урыстәылатәи ацхыраара адагьы ҳхатәы лшарақәа ҳрықәгәыӷлар шакәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0