Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәамш иахьа иазгәарҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАгазеҭ "Аԥсны"
Агазеҭ Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1919 шықәса жәабран 27 рзы иҭыҵит аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер. Уи нахыс, уи амш иахьауажәраанӡа Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәамшны иазгәарҭоит.

АҞӘА, жәб 27 — Sputnik, Анжелика Бениа. Аԥсны амассатә-информациатә хархәагақәа русзуҩцәа рыпрофессионалтә ныҳәамш азгәарҭоит иахьа. Ари амш аҧсуа журналистцәа рыпрофессионалтә ныҳәаны ҳәа баша иалхӡамызт: 1919 шықәса, жәабран 27 рзы иҭыҵит агазеҭ "Аҧсны" раҧхьаӡатәи аномер.

Азныказы еиҳарак литературатә ҭыжьымҭаны ицәырҵыз агазеҭ "Аԥсны" хара имгакәа уи аҳәаа иҭыҵны, иуаажәларра-политикатә газеҭхеит. Уи аԥсуа периодикатә кьыҧхь аҿиараҟны алагала ӷәӷәан, ҳәа азгәеиҭоит агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада Владимир Қапба.

"1919 шықәсазы Дырмит Гәлиа раҧхьатәи амилаҭтә газеҭ ашьақәыргылараҟны шьаҭас иазышьҭеиҵаз, аҧсуаа рмилаҭтә хдырра аизырҳараҟны алагала ду ҟарҵеит, уи адагьы абызшәа, акультура рыхьчареи, рыҿиареи рзы ицхыраагӡоуп иахьа уажәраанӡагьы. Убри азоуп жәабран 27 аҭоурыхтә рыцхә ҳәа ишалкааугьы. Ари арыцхә Аҧсны ажурналистцәеи, ауаажәлари рзы ихадоу рыцхәуп", – иазгәеиҭеит Қапба.

Ҧсышәала апериодикатә кьыҧхь анцәырҵ нахыс аҧсуа литература иҿыцу аҿиара аҩаӡарахь ииасит, иҿио иалагеит ажурналистикагьы. Агазеҭ "Аԥсны" адаҟьақәа рҟны ицәырҵуа иалагеит ажәеинраалақәа, аочеркқәа, адраматә ҩымҭақәа, астатиақәа, ажәабжьқәа, иҳәеит Қапба.

Раԥхьатәи аамҭақәа рзы аԥсуа журналистцәа рҟазаратә мҩа мариамызт, дара рзы жанрцыԥхьаӡа аартыран. Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, Иуа Коӷониа аԥсуа жәлар рзы иҿыцу ажурналистикатә жанрқәа рырҿиараҟны рлагала дууп.

"Ҳауаажәлар рыгәҭаҟны ажурналистика ихадоу аҭыԥ ааннакылоит. Аԥсны апериодикатә кьыԥхь, ателехәаԥшра, арадио аусзуҩцәа ауаажәларратә интересқәа рыхьчареи, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аргылареи иацхыраауеит. Иахьатәи аҳәынҭқарратәи, ихьыԥшыми амассатә-информациатә хархәагақәа русзуҩцәа аԥсуа журналистика атрадициақәа рыхьчареи рырҿиареи иацхраауеит, иадгылоит", – иазгәеиҭеит иара.

"Аԥсны" – ԥсышәала иҭыҵуа ауаажәларра-политикатә газеҭуп. Иҭыҵуеижьҭеи 96 шықәса ҵуеит, аҳәынҭқарраҟны имҩԥысуа ауаажәларратә, аекономикатә, аполитикатә хҭысқәа аныԥшуеит. Агазеҭ "Аԥсны" 1921 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа "Аԥсны ҟаԥшь" ҳәа иҭыҵуан, аштат аҟны  22-ҩык аусзуҩцәа аман. Иахьа агазеҭ15 мааҭ иаԥсоуп, 1500 цыра тиражла иҭыҵуеит. Асовет аамҭазы 42-ҩык аусзуҩцәа змаз агазеҭ "Аԥсны", атираж 15-16 нызқь рҟынӡа инаӡон.

Ажәабжьқәа зегьы
0