Донецктәи ахәыҷқәа Аԥсныҟа ԥсшьара иааит

© Sputnik Томас ТхайцукДети из ДНР в Абхазии
Дети из ДНР в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩажәеихҩык ахәыҷқәа Донецктәи жәлар республикантә Аԥсныҟа ԥсшьара иааит, урҭ Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа иааргеит.

АҞӘА, жәб 28 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Аԥсныҟа Донецкынтәи ԥсшьара ҳәа иааргеит ҩажәеихҩык ахәыҷқәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент иеиҳәеит аминистрра ахада Лев Кәыҵниа.

"Ахәыҷқәа аибашьра иарааԥсеит, аԥсшьара рҭахуп, ргәы рхадыршҭыр ауп. Уи акраҵанакуеит", — ҳәа игәы иаанагоит Лев Кәыҵниа.

Аминистр иажәақәа рыла, ахәыҷқәеи, урҭ ирыцу хәҩык ааӡаҩцәеи ҩнарҵеит Гәдоуҭа араион Мысра аҳабла аԥсшьарҭа ҩнқәа руак аҿы. Асасцәа рынхарҭақәа рҿы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥҵоуп, ҽнак хынтә акрырҿарҵоит, урҭ рзы имҩаԥгахоит Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарҭақәа дырбаразы аекскурсиақәа, иҳәеит Лев Кәыҵниа

Донецктәи жәлар республика аҟынтәи ахәыҷқәа иааз 25 мшы Аԥсны иҟазаауеит. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Донецк рыҟазаара раԥхьатәим. 2014 шықәсазы аминистрра аусзуҩцәа аибашьра ахьцоз аҭыԥқәа рҟынтә ахҵәацәа ралгара иалахәын. Пхынҷкәынмзазы Донецки Лугански ирықәынхо ауааԥсыра ирзышьҭын агәыҳалалратә цхыраара.

Ажәабжьқәа зегьы
0