Таиф Аџьба диижьҭеи 76 шықәса ҵит

© Foto / из личного архива семьи АджбаПоэт Таиф Аджба (справа) с поэтессой Беллой Ахмадулиной и писателем Виталием Амаршан.
Поэт Таиф Аджба (справа) с поэтессой Беллой Ахмадулиной и писателем Виталием Амаршан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба иира амш аҽны Аҟәа ақалақьтә библиотекаҟны имҩаԥысуеит апоет игәалашәаратә хәылԥазы.

АҞӘА, хәжәк 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абаҩхатәра ҷыда злаз апоет Таиф Аџьба иира амш аҽны Аҟәа, абиблиотека хада азал аҟны, имҩаԥгахоит уи игәалашәара иазку алитературатә хәылԥазы, иҳәеит Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба.

Ахәылԥаз иалахәхоит Аԥсны жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Бганба, апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоет ирҿиара абзиабаҩцәа. Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҷандаратәи абжьаратә школ аҵаҩцәа  апоет иажәеинраалақәа ирыԥхьоит, иара убас имшынҵа  "Бзиала ҳзырша" аҟынтәи ацыԥҵәахақәа. Ахәалԥаз аҿы авокалтә-инструменталтә ансамбль "Гәында" Таиф Аџьба иажәеинраалақәа рыла иаԥҵоу ашәақәа рҳәоит.

"Сара сзы Таиф Аџьба ирҿиараҿы ихадоу ак акәны иҟоуп уи ииашаҵәҟьаны гәыкала ихәыцрақәа ахьааирԥшуаз, аполитикатә система иақәшәо "апрограмматә" ҩымҭақәа ахьаԥимҵоз. Ихадароуп ҳәа сахәаԥшуеит иара убас, аиҳабыра биԥара инарҷыдангьы ахәыҷқәа рзы ԥсра-ӡра зқәым арҿиамҭақәа ахьаԥиҵаз", — лҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарраә университет, аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Џьынџьалԥҳа.

Таиф Аџьба акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1962 шықәсазы, раԥхьатәи иеизга "Ажәеинраалақәа" ҭыҵит 1968 шықәсазы.

Таиф Аџьба аԥсуа литература даклассикуп, уи инапы иҵыҵит хыԥхьаӡарала имаҷымкәа ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Апоет уи адагьы инапы алакын аиҭагара аус. Иара аԥсшәахь еиҭеигеит адунеитә литература аклассикцәа: Александр Пушкин, Михаил Лермонтов, Генрих Геине, Александр Блок уҳәа рырҿиамҭақәа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра апоет илахьынҵа аӡбеит. Аҟәа ампыҵахалаҩцәа рнапаҿы ишыҟазгьы Таиф Аџьба иҭаацәеи иареи рыҩны иахыҵны имцеит. Жьҭаара жәба аҽны апоет ақырҭуа гвардееццәа иҩны ддәылганы хабарда ддырӡит. Ишьақәырӷәӷам аиформациа ала, уи акыр дыргәаҟны дҭархан. Апоет ибаҩ иахьа уажәраанӡагьы иԥшаам.

Аҟәа ақалақь аӷацәа ирымпыҵахаланы ианыҟаз Таиф Аџьба амшынҵа иҩуан. Уаҟа автор еиҭеиҳәоит ақырҭцәа игыгшәыгыз рхымҩаԥгашьеи, ақалақь иалаханы ауааԥсыра рҭагылазаашьеи атәы. Амшынҵа хазы шәҟәны иҭыҵит "Бзиала ҳзырша" ҳәа ахьӡ аманы.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат Таиф Аџьба ирҿиара акыр азҿлымҳара амоуп аԥхьаҩцәеи аҭҵааҩцәеи рыбжьара. Уи иажәеинраалақәа ашколтә программа иалагалоуп, имаҷымкәа ашәақәа рылырххьеит. Ахәыҷтәы литература ирбеиеит ԥсра зқәым арҿиамҭақәа рыла, ахәыҷқәа ҿырҳәала ирҳәо ажәеинраалақәа раӷьырак Таиф итәқәа роуп. Таиф Аџьба ииашаҵәҟьаны Жәлар рпоетуп, уи ахьӡ официалла ишихҵамгьы.

2013 шықәсазы Акультура аминистрра аӡбарала иаԥҵан Таиф Аџьба ихьӡ зху  алитературатә премиа.

© SputnikТаиф Аџьба иажәеинраалақәа ирылхны арежиссиор Мадина Аргәын иқәлыргылаз аспектакль "Сара сҭынчра"
Таиф Аџьба иажәеинраалақәа ирылхны арежиссиор Мадина Аргәын иқәлыргылаз аспектакль Сара сҭынчра - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьба иажәеинраалақәа ирылхны арежиссиор Мадина Аргәын иқәлыргылаз аспектакль "Сара сҭынчра"
Ажәабжьқәа зегьы
0