Таиф Аџьба имшира Аҟәатәи абиблиотека аҟны иазгәарҭеит

© Фото : предоставлено сухумской библиотекойТаиф Аџьба имшира Аҟәатәи абиблиотека аҟны иазгәарҭеит.
Таиф Аџьба имшира Аҟәатәи абиблиотека аҟны иазгәарҭеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба 76 шықәса ихыҵра иазкны Аҟәа ақалақь ихадоу абиблиотекаҟны имҩаԥган апоет игәалашәаратә хәылԥазы.

АҞӘА, хәжәк 11 – Sputnik, Анжелика Бениа. Апоет Таиф Аџьба иирамш аҽны Аҟәа абиблиотека хадаҟны имҩаԥган агәалашәаратә хәылԥазы.

Аҟәа ақалақь ихадоу абиблиатека аусзуҩцәа еиҿыркааз ахәылԥаз рхы аладырхәит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр Ельвира Арсалиа, уи лхаҭыԥуаҩ Батал Кобахьиа, Аԥсны апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоет ирҿиара абзиабаҩцәа.

Апоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҷандаратәи абжьаратә школ аҵаҩцәа, Аҟәатәи ашколхәыҷқәа. Ахәылԥаз иалахәын авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" инарыгӡеит Таиф Аџьба иажәақәа рыла иаԥҵаз ашәақәа.

Поэт Таиф Аджба (справа) с поэтессой Беллой Ахмадулиной и писателем Виталием Амаршан. - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьба диижьҭеи 76 шықәса ҵит

Ашколхәыҷқәа ирыԥхьеит Таиф Аџьба иажәеинраалақәеи, апоет изыркыз рхатә жеинраалақәеи. Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҷандаратәи абжьаратә школ аҵаҩцәа асасцәа ԥсыуала ирзыкәашеит.

Апоет Терен Ҷаниа иажәақәа рыла, Аԥсны аҵыхәтәантәит аамҭазы алитературатә хәылԥзқәа рацәаны имҩаԥырго иалагеит, Ҷаниа урҭ ажәлар рзы ахәарҭара иамоу дазааҭгылеит.

"Иахьатәи аамҭазы алитературатә хәылԥзқәа рацәахо иалагеит, уи иаҵанакуа Аԥсны адоуҳатә культура еизҳауа иалагеит ауп, Аԥсны алитература аҿиареи азхаҵареи ауп иаанаго", –иҳәеит апоет.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат Таиф Аџьба ирҿиара акыр азҿлымҳара амоуп аԥхьаҩцәеи аҭҵааҩцәеи рыбжьара. Уи иажәеинраалақәа ашколтә программа иалагалоуп, имаҷымкәа ашәақәа рылырххьеит. Ахәыҷтәы литература ирбеиеит ԥсра зқәым арҿиамҭақәа рыла, ахәыҷқәа ҿырҳәала ирҳәо ажәеинраалақәа раӷьырак Таиф итәқәа роуп. Таиф Аџьба ииашаҵәҟьаны Жәлар рпоетуп, уи ахьӡ официалла ишихҵамгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0