Аҭоурыхҭҵааҩ: марттәи ажәылара аибашьра афырхаҵаратә даҟьақәа ируакуп

© Фото : из материалов Тали Джопуа17 марта 1993 года
17 марта 1993 года - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уара аӷа уижәлоит, уеиҭаижәлоит, иара ажәыларақәа раанкылара ауп илшо, аҭак изыҟаҵом - игәалаиршәоит марттәи ахҭысқәа аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.

АҞӘА, хәжәк 15 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Хәажәкыратәи ажәылара – зегь реиҳа атрагедиа зцыз акәын аха убри аамҭангьы Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы зегь реиҳа афырхаҵара зцыз адаҟьақәа ируакуп, иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.

"Ҳархәҭақәа иаадырԥшит афырхаҵара ду, аха марттәи ажәылара лҵшәадахеит", — иҳәеит уи.

Иахьа аӡәырҩы ргәаанагарала, марттәи ажәылара иахьынӡахәҭаз азыҟаҵара ахьамамыз аҟынтә ахықәкы азынамыгӡеит. Аҩӡба игәаанагарала аибашьра еилгеижьҭеи ҩажәашықәса рышьҭахь иуҳәар ауеит уи зылҵшәадахаз.

"Ҳара еилаҳкаауазар ауп еибашьуаз афронтқәа хазын, аха еибашьрак акәын урҭ злахәыз, убри аҟынтә мраҭашәареи, мрагылареи амчқәа еиҟараны еизшатәын", — иҳәеит Аҩӡба.

Зныктәи ажәыларала Гәымсҭа аладахьала аӷа ихырӷәӷәарҭақәа аанкыланы ԥхьаҟа ацара алшоит ҳәа иҟаз агәаанагара иашамхеит, азгәеиҭеит аҭоурыхҭҵааҩ.

"Ҳәарада, аибашьцәа жәылеит аӷа дҭадырхарц, рыԥсадгьыл ахы иақәиҭыртәырц. Владислав Арӡынба марттәи ажәылара ашьҭахь иҳәеит ҳажәлар аиашазы ишықәԥо, агәрагьы шиго аиааира ҳара ишааго", — иҳәеит Аҩӡба.

Хәажәкыратәи ажәылара аҵакы далацәажәо уи иазгәеиҭеит уи иабзоураны ақырҭқәа рацәаны мрагыларатәи афронт аҟынтәи рымчқәа Гәымсҭаҟа ишиаргаз. "Ҳәарада, марттәи ажәылара иабзоураны аибашьцәа идырҳаит аԥышәа бзиа. Ҳара еилаҳкаауазар ауп ҳар аҽшеиҿнакаауаз аибашьра ацара иалагӡаны", — азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Аслан Аҩӡба игәаанагарала хәажәкыратәи ажәылара аплан ашьақәыргылараан адагьы агхақәа ҟаҵан ажәылара анцоз аамҭазгьы, избанзар артиллериа ахы азаамырԥшит, арратә машьынақәа ажәылара рҽаладмырхәит. Аҭоурыхҭҵааҩ иажәақәа рыла хәажәкыратәи ажәылараан аҭыԥ рыман аидымгылара, иара убас аӡы иахьыруаз аҭыԥқәа ииашаны иалхымызт. Марттәи ажәылара иахҟьаны ацәыӡқәа рацәахеит, аха аибашьцәа еилыркаауа иалагеит аӷа иаиааира шауа, уи азы аибашьра амҩаԥгараҿы азнеишьа ҿыцқәа ирызхәыцуа иалагеит.

"Ажәылараан иҭахаз рхыԥхьаӡара дара ирацәоуп, ианхьаҵуаз ацәыӡқәа акыр еиҳахеит. Аӡәырҩы ҭахеит ҳармчқәа аҩбатәи аешелон ахьымнеиз, ацхыраара ахьырмоуз иахҟьаны. Ари ажәылараан 23-ҩык аԥсуа еибашьцәа хабарда ибжьаӡит, анаҩс урҭ реиҳараҩык ԥшаан иахьеицыржыз аҭыԥ аҟны", — иҳәеит Аҩӡба.

Аҭоурыхҭҵааҩ иара убас иазгәеиҭеит, ажәылара зынӡа илҵшәадахеит ҳәа азхәыцра шиашам. Хәажәкыра 15, 1993 шықәсазы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны астратегиатә ҟазшьа змаз аҳаракырақәа ааныркылеит. Убри алагьы иалаган Аҟәа ахақәиҭтәразы аоперациа. Аха ажьырныҳәа 5, 1993 шықәсазы еиԥш ажәылара ахықәкы азынамгӡеит. Хәажәкыра 17-18 рзы ишьаарҵәыраз аидысларақәа рышьҭахь архәҭақәа ажәылара иахьалагаз аҭыԥқәа рахь игьежьит.

Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа. Аҭоурых аҿы ари ажәылара лҵшәадоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, аха аибашьра иалахәыз аветеранцәа ргәаанагарала уи иабзоураны Аԥсны Аиааира агаратәы аҭагылазаашьа аԥҵахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0