Григориев: абас зымч-зылша ӷәӷәоу аветеранцәа даҽа қалақькаҿ иҟаӡам

© Sputnik Томас ТхайцукСемен Григориев Аҟәа инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа, "Аџьынџьтәылатә еибашьра ду 70 шықәса ахыҵра" аиубилеитә медальқәа ранеишьеит.
Семен Григориев Аҟәа инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду 70 шықәса ахыҵра аиубилеитә медальқәа ранеишьеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра Нагӡа змоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев Аҟәа инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа, Аиааира ду 70 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә медальқәа ранаишьеит.

АҞӘА, хәжәк 31 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Ас еиԥш зымч-зылша ӷәӷәоу, хыԥхьаӡарала ирацәоу Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа Аҟәа еиԥш Аԥсны даҽа қалақьк аҟны иҟаӡам, иҳәеит Аԥсны иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра Нагӡа змоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев Аҟәа инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа аиубилеитә медальқәа ранашьараан.

"Арҭ аиԥыларақәа шәара шәаасҭа ҳара иаҳҭахуп. Ҳгәырӷьоит шәанаҳбо, шәызнысыз афырхаҵаратә мҩа ахҭысқәа аинтерес кны ҳарзыӡырҩуеит. Шәажәақәа еиҳарак аҿар ирзеиӷьуп", – ҳәа аветеранцәа иреиҳәеит Григориев.

Амедальқәа ранашьан: Нонна Дорофеева, Татиана Галкина, Екатерина Хирьианова, Ксениа Кинченко, Андреи Жданов, Артавас Никогосиан, Борис Кутарба, Романоз Чаладзе, Филипп Артиух, Мекки Кириа, Бронислав Банковски иара убас Анфиса Завидишина.

Ашот Ферманиани Владимир Прокопчуки ргәы хәарҭамызт, убри иахҟьаны амедальқәа ранашьара рхы рзаламырхәӡеит. Семен Григориев аҩны ишранашьахо атәы агәра диргеит.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла Аԥснытәи аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа рделегациа Москва Аиааира ду 70 шықәса ахыҵра азгәаҭарахь аапҳьара шрырҭоу. Аделегациа алахәылацәа руаӡәк Урыстәыла ахада Владимимр Путин ихаҭа амедаль ланеишьоит – ҳәа азгәеиҭеит Григориев.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа 150-ҩык нхоит.

1941-1945 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра ду Аԥсны атәылауаа 55 нызқьҩык инареиҳаны рхы аладырхәит, аибашьра ацәаҳәақәа рыҟны иҭахеит 17 нызқь 430-ҩык. Аҳәынҭқарра 22-ҩык атәылауаа Асоветтә Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан, урҭ рахьынтә хҩык ахьӡ-аԥша аорден х-ҩаӡаркны иранашьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0