Ҳаџьымба: Очамчыра арҿиара 400 миллион мааҭ азоужьхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукОчамчира.
Очамчира. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла иҟанаҵо афинанстә цхыраара аҟнытә 400 миллион мааҭ инареиҳаны Очамчыра араион арҿиарахьы ишьҭхоит, иҳәеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, аԥшьашаҽны имҩаԥысыз Очамчыра ауааԥсыреи иареи реиԥылараҿы.

ОЧАМЧЫРА, мшԥ 3 – Sputnik, Роберт Џьопуа. 2015 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа инақәыршәаны, Очамчыра араион 400 миллион мааҭ ацхыраара иазоужьхоит, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба араион ауаажәларра рԥылараан.

“Аӡымҩангагақәа реиҭашьақәыргыларазы иазоужьуп 70 миллион мааҭ. Афымцалашара ацхыраара аҭаразы иазгәаҭоуп 80 миллион мааҭ. Аҩнқәа рхыбқәа рыԥсахразы иазоужьхоит ф-миллион мааҭ. Аинвестициатә программа инақәыршәаны Очамчыра иазгәаҭоуп ахәыҷбаҳча ҿыц аргылара, иара убас, Ҭхьына ашкол аргылара“, — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, 2015 шықәсазы ареспубликатә автомашьынатә мҩаду Аҟәа-Очамчыра аиҭашьақәыргыларазы хазы иазоужьхоит 400 миллион мааҭ.

“Ари баша ажәақәам, уи шәгәы иаахәарц азы акәӡам изысҳәо. Сара агәыӷра сымоуп урҭ аԥарақәа иахьынархоу инаӡап ҳәа“, — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аԥшьаша имҩаԥысит Аԥсны ахадеи Очамчыра ауаажәларреи реиԥылара. Уаҟа иазааҭгылан араион иамоу ауадаҩрақәеи, урҭ рыӡбаразы мҩақәас иҟоуи.

Ажәабжьқәа зегьы
0