Жәлар Реизара Арӡынба ихьӡ анаунагӡатәразы азакәан аднакылеит

Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатцәа "Аԥсны Аҳәынҭқрра раԥхьатәи ахада ихьӡ анаунагӡатәразы" азакәан рыдыркылеит.

АҞӘА, мшԥ 6 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа асессиа аилатәараан "Аԥсны Аҳәынҭқрра раԥхьатәи ахада ихьӡ анаунагӡатәразы" азакәан рыдыркылеит, ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, аҿар русқәеи, аспорти рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Ахра Бжьаниа.

Адепутат иажәақәа рыла, азакәан хықәкыс иамоуп Аԥсны аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ихьӡ анаунагӡатәра, уи иполитикатә, иҭҵаарадырратә лшарақәа реиқәырхареи рырҿиареи, еиҵагыло аҿар апатриоттә ҟазшьақәа рылааӡаразы.

“Ҳара иаҳҭахын Владислав Арӡынба иԥсадгьыл аҿаԥхьа илшара дуқәа азгәаҳҭар. Уи адагьы, ари азакәан Аԥсны ауаажәлар рыдагьы егьырҭ атәылақәагьы ирбо ираҳауа иҟаҳҵоит ҳполитика ҵаҵӷәыс иамоу, ҳҭоурых ҳшазыҟоу, ԥхьаҟатәи ҳполитикаҿы хыҵхырҭас иҳамазаауа атәы. Ҳара ҳусқәа зегьы еснагь шьаҭас ирымазаауеит ҳхьыԥшымра", — иҳәеит адепутат.

Ахра Бжьаниа иара убас иазгәеиҭеит Владислав Арӡынба ихьӡ акамыршәра аформақәа ируакхоит ҳәа уи ипортретқәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы рыхшьра. Аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа аофициалла Аԥсныҟа ианаауа Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыра ақыҭа иаҭаалар ауп. Жәлар реизара адепутатцәа ирыдыркылаз азакәан иазгәанаҭоит иара убас Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аорден аԥҵара.

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит 1945 шықәса, лаҵара 14, Аԥсны, Ешыра ақыҭан. Ҵарала иҭоурыхҭҵааҩыз Арӡынба акыраамҭа Москва СССР Аҭҵаарадырақәа ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵааратә институт аҟны аус иуан. 1992-1993 шықәсқәарзы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан аҳәынҭқарра арбџьарамчқәа дырԥызан, анаҩс Аԥсны ахадас дҟалеит, 1999 шықәсазы ҩаԥхьа уи амаҵурахьы далхын.

Аԥсны аҳәынҭқарратәи, аполитикатәи усзуҩы Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса, хәажәкыра 4 рзы. Джуп Аҟәа араион иатәу иқыҭа гәакьа Ешыра, Гәымсҭа афронт аҟны иҭахаз аибашьцәа рааигәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0