Аветеран Александр Шевченко: аибашьра шьапыда сыннажьхьан

© Sputnik Томас ТхайцукАџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Александр Иванович.
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Александр Иванович. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Александр Шевченко ихигаз агәаҟрақәа ртәы ҳзеиҭеиҳәеит.

ГАЛ, мшԥ 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Александр Шевченко Кавказ ахьчараан Новороссиск, Туапсе ақалақьқәа рҟны деибашьуан. Ажәыларақәа руак аҟны иҩшьапык иӷәӷәаны ихәын, абри атәы аветеран Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

"Ажәылара ӷәӷәан, ҳаӷа зны дҳақәлон, нас днаскьон. Ажәылара цонаҵы сааигәара абомба ҭҟәацит. Азныказ акгьы сзеилымкааит, нас сшьапқәа шыбааӡаз аҟара здырит, сеимаақәа ашьа рҭажжы иҟалхьан, аснариад ахқәа сыҩшьапык рҟәаҟәеит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь амедиаҳәшьа сылԥшаан, сыхәрақәа ҿалҳәеит", – аибашьра аҵыхәтәантәи ахәҭа игәалаиршәеит Шевченко.

Иӷәӷәаны ихәыз асолдаҭ агоспиталь ахь днаргеит, уаҟа аҳақьымцәа Шевченко ишьапқәа хырҵәарц рҽазыршәеит.

"Ахәра ӷәӷәан, сшьапқәа баауа иалагеит. Сыԥсы еиқәхарц азы аҳақьымцәа сшьапы ахҵәара рҽазыршәеит. Руаӡәк ақырҭуа госпиталь ахь сишьҭит сшьапқәа еиқәхарц азы", – азгәеиҭеит аветеран.

Александр Шевченко излаиҳәо ала, ихәыз асолдатцәа рыла иҭәыз аешелон агоспиталь ахь ианнеи ишоура 41 градус рҟынӡа ихалеит. Аԥсра дазааигәан.

"Агоспиталь аҟны сызхәышәтәуаз аҳақьым ихьӡ шьҭа исгәалашәом, аха уи ауаҩ сшьапқәа рыдагьы сыԥсы еиқәирхеит. Иҟәаҟәаз сшьапқәа ирыкәыршаз абинт аҟынтә ахә алыппон, аԥсра сазааигәан, сҽазыҟасҵахьан" – иҳәеит аветеран.

Аҳақьымцәа Александр Шевченко ишьапы иқәыргылара рылшеит.

"Жәымыз агоспиталь аҟны сышьҭан, сыԥсы ҭанаҵы сеиқәзырхаз аҳақьым иҭабуп ҳәа иасҳәалоит" – иҳәеит Шевченко.

Александр Шевченко диит Краснодар, аибашьрахь 1943 шықәсазы дцеит, усҟан 17 шықса ихыҵуан.

"Исыцеибашьуаз аҷкәынцәа ахаангьы абџьар ркӡамызт. Ҳаибашьуанаҵы иаҳҵон", – игәалашәарақәа ҳациҩишеин аветеран.

Александр Шевченко мызқәак инеиԥынкыланы ажәыларақәы дрылахәын.

Ветеран ВОВ Мандрикина Анна Трофимовна. - Sputnik Аҧсны
Анна Мандрикина: "Кавказ ахьчаразы" амедал даара ахә ҳаракны исшьоит

"Сара сеибашьратә мҩа кьаҿын, хәымыз заҵәык роуп сахьыҟаз, сырхәаанӡа. Аха уи аамҭа кьаҿ азы ирацәоуп исхызгаз. Адунеи аҟны уаҳа еибашьра ҟамлааит" – иҳәеит Шевченко.

Александр Шевченко 43-тәи агвардиатә дивизиа аҟны, Кавказ ахьчаразы ажәыларақәа дрылахәын, "Агәымшәаразы", "Кавказ ахьчаразы" амедалқәа ианашьоуп.

Агоспиталь аҟны иҽанихәышәтә ашьҭахь аҳақьымцәа Шевченко аҳауа иԥсахырц иарҳәеит, ус аветеран Гал анхара иӡбеит.

55 нызқьҩык  инареиҳаны Аԥсны атәылауаа 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афронтқәа рҟны еибашьуан, урҭ рахьынтә 17 нызқьҩык аҩныҟа изымхынҳәӡеит, 22-ҩык Аԥсны аҵеицәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0