Бераӡе: раԥхьатәи аибашьратә ԥышәа соуит Краснодар ахақәиҭтәраан

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Берадзе Лаврентий Григорьевич.
Ветеран ВОВ Берадзе Лаврентий Григорьевич. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаврент Бераӡе Краснодар ахақәиҭтәрази, Асовет Еидгылеи Ҭырқәтәылеи рҳәаа ахьчарази амедалқәа ианашьан.

ГАЛ, мшԥ 8 – Sputnik, Алиас Корсаиа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду шалагаз атәы иқәыԥшыз Лаврент Бераӡе иаҳаит ашкол аҟны. Аушьҭымҭатә ԥышәарақәа раҭара дахьӡаанӡа уи дақәшәеит Аахыҵ-Кавказтәи ахырӷәӷәарҭатә раион. 83-тәи апулемиоттә батальон дшалаз Лаврент Бераӡе Асовет Еидгылеи Ҭырқәтәылеи рҳәаа ахьчарахь дрышьҭит. Анаҩс уи Иармантәыла ақалақь Ленинакан 349-тәи ахысратә дивизиахь диаргоит.

Аветеран иажәақәа рыла, раԥхьатәи аидыслара уи дақәшәеит 1943 шықәса, жәабран амзазы, Краснодар ахақәиҭтәраан.

"Ажәылара иалагаанӡа аӷа ихыкәшаны хәҩык аԥшыхәцәа дәықәырҵеит, аха урҭ рыдҵа нагӡаны изыхнымҳәит. Уи ашьҭахь, 17-ҩык аибашьцәа аԥшыхәразы адҵа ҷыда ҳарҭеит. Ҳара иҳалшеит хҩык анемеццәа рыҭҟәара, урҭ афицарк дрылан. Ҳаныгьежьуаз аснаиперцәа ҳгәарҭан иҳаихсуа иалагеит. Ари аидыслараан сара сырхәит, сҩыза дыршьит. Аха ҳара ҳтәқәа рахь ахынҳәра ҳалшеит. Ҳара ҳаԥшыхәра ала аиҳабыра ажәыларатә операциа еиҿнакааит, анаҩс уи қәҿирала имҩаԥган", — иҳәеит аветеран.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Александр Иванович. - Sputnik Аҧсны
Аветеран Александр Шевченко: аибашьра шьапыда сыннажьхьан

Краснодар ахақәиҭтәра ашьҭахь, Лаврент Бераӡе Ленинаканҟа дхынҳәит, уаҟа 1944 шықәсанӡа дыҟан. Уа аррамаҵура дахысуанаҵы аихамҩа ихьчон, артиллериатә полк далан. Лаврент Бераӡе "Краснодар ахақәиҭтәраз", "Асовет Еидгылеи Ҭырқәтәылеи рҳәаа ахьчараз" амедалқәа ианашьан.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду анхыркәшаха ашьҭахь, Лаврент Бераӡе Гал аҭакԥхықәра зцыз амаҵурақәа ныҟәигон. Иахьа уи Гал араионаҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа рхеилак аиҳабыс дамоуп, иара убас, араион аҟны абыргцәа рхеилак деиҳабуп.

Аиааира амш Лаврент Бераӡе ицеибашьуаз иҩызцәеи иареи еицаԥылоит. Лаҵарамза 14 рзы Лаврент Бераӡе 93 шықәса ихыҵуеит.

55 нызқьҩык  инареиҳаны Аԥсны атәылауаа 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афронтқәа рҟны еибашьуан, урҭ рахьынтә 17 нызқьҩык аҩныҟа изымхынҳәӡеит, 22-ҩык Аԥсны аҵеицәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан.

© Фото : из личного архива Лаврентия БерадзеВетеран ВОВ Берадзе Лаврентий Григорьевич.
Ветеран ВОВ Берадзе Лаврентий Григорьевич. - Sputnik Аҧсны
Ветеран ВОВ Берадзе Лаврентий Григорьевич.
Ажәабжьқәа зегьы
0