Афронтовик Мумџьиан: аибашьра шалагаз атәы сықәлацәа ирасҳәар акәхеит

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Мумджян Андроник Николаевич
Ветеран ВОВ Мумджян Андроник Николаевич - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Андроник Мумџьиан имоуп хыҧхьаӡара рацәала аорденқәа амедалқәа, "Аџьынџьтәылатә еибашьра ду, "Германиа аиааиразы" уҳәа аорденқәа уахь иналаҵаны.

ГАГРА, мшҧ 9 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. 1941 шықәсазы Андроник Мумџьиан абжьаратә школ далгеит, мызкы ашҭахь Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алагеит.

Аибашьра аналага амш аҽны Андроник Мумџьиан иқәлацәеи иареи арратә лагер аҟны рыҧсы ршьон. Агәыҧ аҟны зегьы дреиҳан азы аибашьра шалагаз атәы рылаҳәара инапы ианырҵеит.

"Акласс аҟынтә исыцыз аҷкәынцәеи сари авоенкомат ахь ҳнеины арра ҳрышьҭразы ҳрыҳәо ҳалагеит, аха аҩныҟа ҳрышьҭит, аибашьраҿы ҳаҭаххар, ҳарҧшаауеит ҳәа ҳақәдыргәыӷит", — игәалаиршәоит аветеран аибашьра раҧхьатәи амшқәа.

1942 шықәса,март мзазы Андроник Мумџьиан арра дахьахысуаз аполк Донбасс иҟан.

"Сара артиллериатә мастерк еиҧш апост аҟны сынрыжьит. Аамҭа рацәаны иҵхьан, сызҧсахша ауҩы дааир акәын, аха дыҟаӡамызт, афрот аганахь амҩа санықәла еилыскааит амацәаз ҳашҭаркыз. Артиллеристцәа аполк ахақәиҭтәраз адҵа рыҭан. Уи адҵа маншәаланы инаҳагӡеит", — иҳәеит Андроник Мумџьиан.

Ветеран ВОВ Берадзе Лаврентий Григорьевич. - Sputnik Аҧсны
Бераӡе: раԥхьатәи аибашьратә ԥышәа соуит Краснодар ахақәиҭтәраан

Ари аиҿаххараан аветеран ишьапы ааха аиуит. Агоспитль ахь ихәыз дырзымгаӡеит, архәҭа аҟны иҧсы еиқәдырхар акәхеит.

"Смагә ашьхра цәгьан азы ааратә санитар иизсышьаз иҧиҟеит, нас сшьапы аҧҽыха алихын ахәра ҿиӡәӡәааит. Анаҩс Венгриаҟа ҳрышьҭит. Амҩа сахьынӡақәыз сыхәра аҿыӡәӡәаара алшара сымаӡаызт, ахә аанахәо иалгеит", — иҳәеит аветеран.

Ихьахыз аҭыҧ ахь ианнеи, Андроник агоспиталь ахь дрышьҭит, уаҟа аветеран иаҭахыз ахәышәтәратә курс дахысит. Аҩынтә раан Андроник Мумџьиан дхәын Будапешт.

"Усҟан сзыхәшәтәуаз ибаандаҩыз ауриа ҳақьымцәа ракәын. Сшьапы санықәгыл ашьҭахь агоспиталь сыхьчаларц саанрыжьит", — иҳәеит аветеран.

Андроник Мумџьиан аииаира даҧылеит Венгриа ақалаь Осот аҟны.

"Уи амш ахаан исхашҭуам. Аибашьра еилгеит ҳәа ианҳаларҳәа зегь ҵәыуон. Згәы мшәз, гәыла иӷәӷәазгьы рылаӷырӡ рзынкыломызт", — аиааира мшы игәалаиршеит аветеран.

Андроник Мумџьиан имоуп хыҧхьаӡара рацәала аорденқәа амедалқәа: "Аџьынџьтәылатә еибашьра ду, "Германиа аиааиразы" уҳәа аорденқәа уахь иналаҵаны. Андроник Николаи-иҧа Мумџьиан аветеранцәа зегьы иааиуа аиааира ду амш рыдиныҳәалоит, агәабзиареи, анҵыреи рзеиӷьишьеит, аҿар аҭынчра рзеиӷьишьоит.

55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны атәылауаа 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афронтқәа рҟны еибашьуан, урҭ рахьынтә 17 нызқьҩык аҩныҟа изымхынҳәӡеит, 22-ҩык Аԥсны аҵеицәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан.

© Фото : из личного архива Андроника МумджянВетеран ВОВ Мумджян Андроник Николаевич
Ветеран ВОВ Мумджян Андроник Николаевич - Sputnik Аҧсны
Ветеран ВОВ Мумджян Андроник Николаевич
Ажәабжьқәа зегьы
0