Вадим Матуа иҭакра ҩажәамшынӡа иагырхоуп

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВамим Матуа иҭакра ҩажәамшынӡа иагырхоуп
Вамим Матуа иҭакра ҩажәамшынӡа иагырхоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вадим Матуа идукатцәа Фрида Лазԥҳаи Мадина Ҷанԥҳаи ирыхьчо иаанкылара аԥкаанҵеи, апрокуратура рықәҵареи ирзашшит.

АҞӘА, мшԥ 18 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Ашьауӷатә усқәа рзы Аԥсны иреиҳаӡоу аӡбарҭа аколлегиа Вадим Матуа иҭакра аамҭа иагнархеит ҩажәамш рҟынӡа, уи дҭакызаауеит мшаԥымза 29-нӡа.

"Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа мшаԥымза 11, 2015 шықәсазы Вадим Матуа иҭакразы иаднакылаз аӡбара ԥсахтәуп. Вадим Матуа иҭакра ҩажәамш рҟынӡа иагырхатәуп, мшаԥымза 29 рҟынӡа. Аусӡабара егьырҭ иаднакылаз аӡбарақәа ԥсахрада иныжьзааит", — иҳәеит аус аӡбаҩ хада Тимур Шониа.

Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Омиани Логуа мшаԥымза 9, 2015 шықәсазы инапы зҵаиҩыз ақәҵарала Вадим Матуа даанкыланы дҭакын.

“Аладатәи аргыларатә компаниа“ адиректор Вадим Матуа агәҩара идҵоуп 55 миллион абиуџьеттә ԥарақәа иӷьычит ҳәа Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭеи ахәыҷбаҳчеи рыргылараан.

Ажәабжьқәа зегьы
0