Аветеран Терзиан: сҭахеит ҳәа ҩынтә асалам шәҟәқәа сҭаацәа ирзаахьан

© Sputnik Томас ТхайцукАветеран Терзиан: сҭахеит ҳәа ҩынтә асалам шәҟәқәа сҭаацәа ирзаахьан
Аветеран Терзиан: сҭахеит ҳәа ҩынтә асалам шәҟәқәа сҭаацәа ирзаахьан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Ваграм Терзиан аибашьра адәаҿы ихигаз ауадаҩрақәеи, иԥсы шынхази ртәы далацәажәоит.

АҞӘА, мшԥ 18 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. 1943 шықәсазы Ваграм Терзиан 22 шықәса шихыҵуаз арра иԥхьеит. Асолдаҭ қәыԥш Аԥснынтәи Азарбаџьанҟа дрышьҭит Кавказ ахьчараз, уи ашьҭахь Белоруссиаҟа, уи арра дахысуан 77-тәи агвардеитә дивизиа аҟны.

Аветеран иажәақәа рыла, афронт аҟны иааукәыршан уҩызцәа аныҟам ахгара акыр ихьанҭоуп. Аибашьра аан Терзиан ҩызас дышьҭихит Уралынтәи иааз аҷкәын Михаил Намиатов. Аветеран игәы иаланы иҳәоит арра ашьҭахь уи иӡбахә ала акгьы шимаҳац.

"Аибашьраҿы аҩызцәа лассы-лассы убриаҟара ирацәаны иаҳцәыӡуан аҩыза ишьҭыхра ҵакы амамызт, избанзар аӡә дыуҩызахар ауан, аха сааҭқәак рышьҭахь уи ахы дышьны дышьҭанаҵон", — игәы иаланы иҳәоит аветеран.

Украина, Коваль ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны зегь реиҳа ихьанҭоу агәалашәарақәа изыннажьит Терзиан. Уи изныкымкәа иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы иҩызцәа еиқәирхахьан.

"Акыраамҭа шьапыла ҳцон – ҳамчқәа каԥсахьан. Ҳахьыԥшуаз ҳаԥхьаҟа аҩнқәа аабон, — аамҭалатәи аҽыԥхьакырҭақәа. Ажрақәа рҟынтәи ацхыраара иаҳәоз асолдаҭцәа рбыжьқәа гон, руаӡәы азарбаџьан бызшәала дцәажәон. Ҳкомандир иасҳәеит аӡәы идымхаргьы сицхраар шысҭаху, аха уи шьҭахьҟа шьаҿак ҟасҵар шыҟамлоз сеиҳәеит. Аха уи маҷк игәҽанызаара анца,  ажра сыҽҭасыжьит, уаҟа ихәыз асолдаҭцәа даара ирацәаҩын. Урҭ рбыжьқәеи рхы-рҿқәеи ахаан исхашҭуам", — иҳәеит аветеран.

Терзиан урҭ руаӡәк даашьҭихын, иҟәаҟәа дықәҵаны ажра дынҭҟьан бџьар икӡамкәа, ирласны иахьшәарҭамыз ҭыԥк аԥшаара дашьҭалеит. Ахәларахь иеихахьан аҟынтәи, асолдаҭ зыбжа рбгаз ҩнык аҟны дынижьырц иӡбеит, анаҩс дызлаз ар рахь дгьежьырц. Аха урҭ дырхьымӡеит, ар дрыцәҟьалеит.

Польша ақалақьқәа руак аҟны уахынлатәи аидыслара игәаларшәо, Терзиан игәалаиршәоит афашистцәа зыҩназ аҩнқәа рҭарцәра шымариамыз. Ус еиԥш иҟаз аҩнқәа руак аҭарцәраан Терзиан ишьақәиргылеит анемеццәа злахьирхәышаз аплан. Ахәлара иазԥшны аҩны иажәлеит.

"Сареи, даҽа 30-ҩык ауааԥсыреи аԥхьа ҳгылан, аҩнқәа рышҟа анеира анҳалша, анемеццәа ҳарбеит, хыхьынтәигьы аҳаихсра иалагеит Ахқәа иаҳхыкны иҳавҟьон, ҳашьҭахь иааиуаз асолдаҭцәа уаҩ деиқәымхеит уи ауха. Уамашәа иубаратәы иҟоуп, аха ҳара ҳаиқәзырхаз аԥхьа ҳахьгылаз ауп, аҩнқәа рыҵаҟа аанкыланы рҭарцәра ҳалшеит", — игәалаиршәоит аветеран.

Ваграм Терзиан еиҭеиҳәеит Польшатәи ақалақь Познань уахынлатәи жәыларак аан ихы ахәра шиоуз, уи ашьҭахь иҭахара атәы зҳәо асалам шәҟәы иҭаацәа ишроуз.

"Сара аконтузиа сыман. Агоспиталь сҭашәеит, акыраамҭа сҭыԥаҿ сзааиуамызт, сцәажәаӡомызт. Хымз сианы исхызгеит. Ргәы иаанагон сҭахеит ҳәа, уи азы аҩныҟа асалам  шәҟәы рышьҭит. Ус еиԥш иҟаз ақьаад еиқәаҵәақәа аибашьра цонаҵы сҭаацәа ҩынтә ироуит", — азгәеиҭеит Терзиан.

1950 шықәсанӡа Ваграм Терзиан архәҭа акомандирс дыҟан Германиа.

"Аиааира ашьҭахь, асолдаҭ қәыԥшцәа Германиа ҳаанрыжьит арра ахысраз. Ҳара афранцызцәа, американеццәа, аурысқәа ҳацын. Ҳшаны абатальонқәа ҳрыларҵеит. Сара сызлаз абатальон анемеццәа рҟынтәи ауаҭахқәа ҭанарцәуан. Иаҳфо-иаҳажәуа ҳамамкәа акәын ҳшыҟаз, ҳаԥсқәа аарла еиқәхеит", —иҳәеит аветеран.

Аветеран Ваграм Нагапет-иԥа Терзиан ианашьоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден,  "Германиа аҟны Аиааира агаразы" аорден,  уи анаҩс Аеҵәа ҟаԥшь аорденгьы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0