Аветеран Расим Оҭырба 14 шықәса дшырҭагылаз аибашьра ихьӡеит

© Sputnik Томас ҬҳаиҵыкәАветеран Расим Оҭырба
Аветеран Расим Оҭырба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Расим Оҭырба дызлаз арота еснагь аԥхьа игылан, избан акәзар акомандирцәа ирыдырҵоз адҵақәа зегьы хымԥадаа инарыгӡон.

ГӘДОУҬА, мшԥ 23 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан, азеиԥш ԥсадгьыл — Асовет Еидгыла ахьчаҩцәа дыруаӡәкыуп Аацы ақыҭан инхо, 93 шықәса ирҭагылоу аветеран Расим Оҭырба.

Расим Оҭырба 14 дшырҭагылаз аибашьра ихьӡеит. Уи еибашьратә мҩа гәылҭәаауп. Расим Оҭырба иқәра иахәымԥшкәан, амина-аршәратә взвод командирс дҟарҵеит. Ари арота еснагь аԥхьа игылан, избан акәзар акомандирцәа ирыдырҵоз адҵақәа зегьы хымԥадаа инарыгӡон.

"Аибашьра — иухашҭуа акы акәым, еиҳаракгьы — аҭакԥхықәра шуду анеилукаауа,"  — иҳәоит аветеран Расим Оҭырба.

Расим Оҭырба дызлаз агәыԥ Грозныи, Моздок уҳәа Нхыҵ-Кавказ ақалақьқәеи ақыҭақәеи аӷа далырцартә еиԥш алшара рыман. 1944 шықәсазы Расим Оҭырба диаргоит аинрал Ериоменко напхгара ззиуаз архәҭа аҟнытә аҩбатәи Украинатәи афронт, артиллеристцәа рполкахь.Уи ашьҭахь иара алеитенант еиҵбы ичын иҭан.

Аибашьҩы аидысларақәа руак аҟны ахәра иоуит.

"Аибашьра аҟны ҩынтә сырхәит, раԥхьа 1944 шықәса ианар мзазы, нас 1945 шықәсазы аибашьра анҵәара уамак шагымыз. Агоспитальаҿ сшышьҭаз ауп аибашьра еилгеит ҳәа ахьсаҳаз. Сгәырӷьара ҳәаа амамызт,избанзар Аԥсныҟа исҭахын, игәхьаазгон", — игәалаирәшоит аветеран.

Аветеран Расим Отырба ианашьоуп Аџьынџьтәылатәи еибашьра аорден актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҩаӡарақәа, иара убас "Будапешт агаразы", "Германиа Аиааиразы" уҳәа амедалқәеи аорденқәеи, иааидкыланы 14 ҳамҭа рҟынӡа имоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0