Аветеран Родович: знык ҳазхара ыфаны ҳаԥсыр акәын иаҳҭахыз

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Михаил Родович
Ветеран ВОВ Михаил Родович - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду анцоз Михаил Родович аус иуан авиациазы абџьар ахьыҟарҵоз азауад аҟны.

АҞӘА, мшԥ 27 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Михаил Родович 1941 шықәса алагамҭазы 17 шықәса ихыҵуан. Усҟан уи иқыҭа гәакьа Кациқыҭ ааныжьны Москваҟа дцоит ԥырҩыс дҟаларц гәҭакыс иманы, аха иоура ахьазымхоз иахҟьаны игәҭакы изынамгӡеит.

“Саби сани срыҳәеит Москваҟа соурыжьҭырц азы. Аҵараиурҭа сҭаланы аҳаирплан ала аԥыршьа сҵар сҭахын. Усҟан саҳәшьа Москва дынхон. Уи исҭахыз анеилылкаа дышсыцхраауа лҳәеит. Аха сара акомиссиа сзахымсит, ҩ-сантиметрак аура сзымхеит“, — игәалаиршәоит Родович.

Ветераны ВОВ. Устян Назар Саркисович. - Sputnik Аҧсны
Аветеран Устиан: ишакәхалакгьы аимадаратә цәаҳәа шьақәыргылатәын

Аҵараиурҭа данзымҭала, Михаил Родович атехниказы акурсқәа дырхысны аусура далагеит Москватәи авиациатә зауад № 32 аҟны. Уаҟа мызқәак аус иуит, анаҩс Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду иалагеит. Жьҭаарамза 1941 шықәсазы азауад ақалақь Кировҟа ииаган.

“Аибашьра ианалага, азауад ирласны ииаргеит. Аибашьра еилгаанӡа ари азауад аҟны аус зуан. Астанок аҟны аус аура сылшарц азы, уи соура иақәшәартә иҟарҵеит. Ҳара аҳаирпланқәа еиуеиԥшым рыхәҭақәа ҟаҳҵон“, — иҳәеит аветеран.

Егьырҭ зегь реиԥш Михаил Родович уахгьы-ҽынгьы аус иуан, убри аан рыфатә иагын.

“Раԥхьанатә амла ҳачҳауан, аха ҳусура ахы ҳнардыруан. Ҳафатә даара иагын. Знык ҳазхара ыфаны ҳаԥсыр акәын иаҳҭахыз“, — иҳәеит аветеран.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду анеилга ашьҭахь Михаил Родович Аԥсныҟа дааит.

“Аибашьра анеилга аҩныҟа санаауаз раԥхьатәи адәыӷба сақәтәеит, уи Дранданӡа снанагеит. Ауаа даара ирацәан. Амҩа сшықәыз сан дызбеит. Аҳәара уадаҩуп усҟан сгәырӷьара зеиԥшраз атәы.  Уи сара аҳамҭа сзыҟалҵеит, акьаҿ сзыӡахны илыман. Уи уажәраанӡагьы еиқәханы иҟоуп. Уи сара есышықәса Аиааира амш азы исшәысҵоит“, — иазгәеиҭеит Родович.

Аибашьра анеилга ашьҭахь Михаил Родович аус иуан иқыҭа аколхоз аҿы. Аҭаацәара аԥиҵеит аҷкәыни аԥҳаи иоуит. Уи иахьагьы иҭаацәа иманы Кациқыҭ дынхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0