Аԥсуа шәаҳәаҩцәа Москва имҩаԥысуа Аиааира аконцерт рҽаладырхәуеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОформление потолка зала Славы в Центральном музее Великой Отечественной войны на территории Мемориального комплекса Победы на Поклонной горе. Архивное фото.
Оформление потолка зала Славы в Центральном музее Великой Отечественной войны на территории Мемориального комплекса Победы на Поклонной горе. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконцерт мҩаԥысуеит мшаԥы 28, Москва Поклоннаиа ашьхаҿы, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду амузеи хада аконцерттә зал ду аҟны.

АҞӘА, мшԥ 28 – Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аииара ду амш 70-шықәса ахыҵра иазку аконцерт мҩаԥысуеит Москва, Аԥснынтәи артистцәа Џьансыхә Чамагәуеи жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҟны аиааирақәа маҷымкәа изгахьоу Ҭемыр Ҭаниеи алархәны, абри атәы Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә ҭынха ахьчареи рзы аминисттра Sputnik иазаанацҳауеит.

"Ҳара ҳзы Москва имҩаԥгахо аиааира Ду иазкны аконцерт аҟны Аԥсны аарԥшра аҵакы дууп. Маи 9 – ҳажәларқәа рзы иԥшьоу рыцхәуп", – иҳәеит Ҭемыр Ҭаниа.
Аусмҩапӷатә рхы аладырхәоит асовет еидгыла иалаз тәылақәа зегьы.

"Ҭемыри сареи х-ашәак наҳагӡоит: "Об Абхазии", "Вечер на рейде" иара убас Аслан Мамиев иажәақәа рыла ианаҳҵаз ашәа ҿыц "Вспомним", уи ашәа рапҳьаӡа акәны ауаа рахь ицәыраҳгоит", – ҳәа азгәеиҭеит Џьансыхә Чамагәуа.

Аконцерт мҩаԥысуеит мшаԥы 28 рзы Москва Поклоннаиа ашьхаҿы, Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи хада аконцерттә зал ду аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0