Дараҭиа Қапба: уахыки ҽнаки сыхдырра ыҟамкәа агоспиталь аҿы сышьҭан

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Капба Даратия Сулейманович
Ветеран ВОВ Капба Даратия Сулейманович - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Моздок акалақь аҟны ауп аибашьра амцашыра сахьалаԥшыз ҳәа иигәалаиршәоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран, 93 шықәса ирҭагылоу Даратиа Қапба.

ГӘДОУҬА, лаҵ 5 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Мышқәак рышьҭахь иазгәаҳҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы игаз Аиааира 70 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә ныҳәа. Ҳтәылаҿы ари аныҳәамш сынтәа иаԥыло аибашьра иалахәыз аветеранцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Џьырхәа ақыҭан инхо аветеран Дараҭиа Қапба.

Дараҭиа Қапба раԥхьаӡа аибашьра данырга дақәшәеит Иран. Аштаб аиҳабы имашьынарныҟәцаҩыс дыҟан.

Моздок акалақь аҟны ауп аибашьра амцашыра сахьалаԥшыз ҳәа иигәалаиршәоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран, 93 шықәса ирҭагылоу Дараҭиа Каԥба.

"1944 шықәсазы Моздок ақалақь аҭарцәразы аџьабаа ду ҳбеит, аидыслара иацын аԥсҭбарақәа рацәаны, исываршьааит аибашьра аҟны ҩызцәас исзыҟалаз аҷкәынцәа", — иҳәеит игәы иалсны Қапба.

Аибашьра алгара уамак шагымыз, Дараҭиа Қапба иоуит ахәра ӷәӷәа.

"Сзықәтәаз амашьына арҭҟәацга аҵаԥжәан, сшьапқәа рыҩбагь ӷәӷәала ихәын. Уахыки ҽнаки сыхдырра ыҟамкәа агоспиталь аҿы сышьҭан. Уа сшышьҭаз ауп аибашьра еилгеит ҳәагьы шсаҳаз", — азгәеиҭеит аветеран.

55 нызқьҩык  инареиҳаны Аԥсны атәылауаа 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афронтқәа рҟны еибашьуан, урҭ рахьынтә 17 нызқьҩык аҩныҟа изымхынҳәӡеит, 22-ҩык Аԥсны аҵеицәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0