Аветеран Серапион Нарманиа: ахәцәа ршьа аӡиас арҟаԥшьит

© Sputnik Томас ТхайцукАибашьра ду Нарманиа Серапион
Аибашьра ду Нарманиа Серапион - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Серапион Нарманиа Аџьынџьтәылатә еибашьраан Ҭҟәаԥс ахьчара далахәын.

АҞӘА, лаҵ 7 — Sputnik, Роберт Џьопуа. 1942 шықәсазы нанҳәа 17 шықәса зхыҵуаз Серапион Нарманиа Аџьыньтәылатә еибашьрахьы иҧхьеит.

“Аибашьрахь иансыҧхьа 17 шықәса аарлаҳәа исхыҵхьан. Туапсе ахьчарахь сышьҭын. Убри аамҭазгьы ауп афашистцәа ақалақь иақәланы Кавказ рнапахьы аагара ианаҿыз. Раҧхьатәи аамҭазы аилкаара уадаҩын уеиқәхарц азы ашьра шаҭахыз атәы", — игәалаиршәоит аветеран Серапион Нарманиа.

Ветеран ВОВ Капба Даратия Сулейманович - Sputnik Аҧсны
Дараҭиа Қапба: уахыки ҽнаки сыхдырра ыҟамкәа агоспиталь аҿы сышьҭан

Аветеран иажәақәа рыла, иареи ицеибашьуаз аҷкәынцәеи акыраамҭа инеиԥынкыланы абна илан.

"Ҭҟәаԥс иҟоу Ашәишәи зыхьӡыз ашьха абнарақәа ҳрылан. Иааҳакәыршаны бнаран, аҵла дуқәа рацәан. Анемеццәа анҳалахысуаз еиҳараҩык икаҳауаз аҵлақәа иршьон. Зны аиҿаххарак ашьҭахь ӡык ҳнаҿыхәарц азы ӡиаск ҳанхықәгылеит, аха иужәуа иҟамызт, ахәцәа ршьа аӡиас арҟаԥшьит", — иҳәеит аветеран.

Жәыларак аан Серапион Нарманиа ӷәӷәала дхәын, арратә хәышәтәырҭа дҭашәеит.

"Абомба абжьы ҳаҳаит. Фҩык ҳаицын. Ҳацәыбналарц азы жрак ҳанҭаҧалт, аха уи ҳмыхәеит — иахькаҳаз иааигәацәан. Исықәҿиеит ҳәа исыҧхьаӡоит, снацәкьарақәа руак сцәыӡит, аха сыҧсы еиқәхеит, амала сҩыза дашьит", — игәалаиршәеит аветеран.

Серапион Нарманиа ишьапы данықәгыл ашьҭахь аррамаҵура дахысырц азы Иранҟа дышьҭын.

Аррамаҵура Серапион Нарманиа далгеит аибашьра анеилга ҩышықәса рышьҭахь 1947 шықәсазы, уи ашьҭахь иаразнак иқыҭа гәакьа Рекахь дхынҳәит. 1950 ашықәс алагамҭаз аҭаацәара аҧиҵеит. Аџьыньтәылатә еибашьра ду аветеран х-ҩык ахәыҷқәеи, хә-ҩык амоҭацәеи имоуп.

55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аҵеицәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәын, урҭ рахьтә 17 нызқьҩык инареиҳаны аҩныҟа изыхнымҳәит, 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ рыхҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0