Владислав Арӡынба раԥхьатәи ибаҟа Ҭҟәарчал иаадыртит

© Sputnik Томас ТхайцукВладислав Арӡынба раԥхьатәи ибаҟа Ҭҟәарчал иаадыртит
Владислав Арӡынба раԥхьатәи ибаҟа Ҭҟәарчал иаадыртит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟа Ҭҟәарчал иаадыртит.

АҞӘА, лаҵ 12 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба раԥхьатәи ибаҟа Ҭҟәарчал ақалақь аҟны иаартуп аҩаша.

Владислав Арӡынба ибаҟа аартра аҵак дуӡӡа амоуп, Ҭҟәарчал иқәынхо рыдагьы Аԥсныжәлар зегь рзы, лҳәеит Ҭҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа.

"Агәра ганы сыҟоуп абаҟа авторцәа Амиран Адлеибеи, Руслан Габлиеи, Сергеи Хьибеи рџьабаа иахәҭоу ахәшьара аиуп ҳәа. Урҭ ирылшеит аԥсуаа рыӡбахә адунеи иалазырҵәаз Владислав ду идоуҳамч аарԥшра", — азгәалҭеит Чачхалиа.

Абаҟа аартра иалахәын Владислав Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениаԥҳа-Арӡынба, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семен Григориев, ауаажәлар, ашколхәыҷқәа.

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит лаҵарамза 14, 1945 шықәсазы Алада Ешыра ақыҭан. Владислав Арӡынба акыр шықәса инеиԥынкыланы Москва аус иуан, СССР анаукақәа ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы. 1987 шықәсазы Арӡынба Аԥсныҟа дхынҳәуеит. 1987 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс дҟарҵеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы Владислав Арӡынба Аԥсны арбџьарымчқәа хадара рзиуан. 1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны ахадас далхын, 1999 шықәсазы ҩынтәны Аԥсны ахадас далхын.

Ажәабжьқәа зегьы
0