Аԥсны Орловтәи аобласт аҟнытә афатәқәа рыҭира иалагоит

© Sputnik Бадра АвидзбаАԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Орловтәи аобласт агубернатор Вадим Потомски
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Орловтәи аобласт агубернатор Вадим Потомски - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Орловтәи аобласт агубернатор Вадим Потомски, рашәара 2 рзы.

АҞӘА, рашә 2 – Sputnik. Рауль Ҳаџьымбеи Орловтәи аобласт агубернатор Вадим Потомскии реиԥылара мҩаԥысит аҩаша, лаҵарамза 2 рзы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иаофициалтә саит.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Орловтәи аобласти Аԥсни реизыҟазаашьа бзиақәа акыр шықәса шырхыҵуа.

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анынҵәа ашьҭахь Орловтәи аобласт Аԥсны аганахь ала ацхыраара ҟанаҵон. Иахьа Урыстәыла арегионқәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиара ҳашьҭоуп. Урҭ аизыҟазаашьақәа идыршаҳаҭуеит Урыстәылеи ҳареи аиҩызареи аусеицуреи зыбжьоу ҩ-ҳәынҭқаррак шҳакәу", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аԥсны ахада иаофициалтә саит излаанацҳауа ала, Вадим Потомски Аԥсны ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит адкыларазы, иара убас, Аԥсны иҟазаара изцәырнагаз ахәыцрақәа дырзааҭгылеит.

"Ҳара иаабоит араҟа аперспективақәа шырацәоу. Ҳара ҳганахь ала, иҳалшо зегь ҟаҳҵоит Аԥсни ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы, аиҳараӡак аекономика аганахь ала. Ҳара иҳамоу афатәқәа Аԥсны аҭиразы апротокол аҵаҳаҩуеит ҳәа агәыӷра сымоуп", — иҳәеит Потомски.

Рауль Ҳаџьымба агәыӷра ааирԥшит Аԥсни Орловтәи аобласти аекономикатәии егьырҭ апроектқәеи рыла аусеиҵура еиҿкаахап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0