Аҟәа, амшын аԥшаҳәаҟны имҩаԥысит акәашаратә флешмоб

© Sputnik Томас ТхайцукТанцевальный флешмоб прошел на Сухумской набережной
Танцевальный флешмоб прошел на Сухумской набережной - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа, амшын аԥшаҳәаҟны, ахаша ахәылбыҽха аҿарацәа еиҿыркааит акәашаратә флешмоб.

АҞӘА, рашә 10 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Афлешмоб аиҿкаара аидеиа иаалырҟьан иҳазцәырҵыз акоуп, иҳәеит Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз акциа алахәылацәа руаӡәк, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудент Инал Адлеиба.

"Ҳара иаҳҭахын игәырҿыӷьгоу ахәылԥазқәа алахҿыхреи агәырӷьареи рыцларц, ақалақьуаа ргәалаҟазаара шьҭаҳхырц. Асеиԥш иҟоу афлешмоб Аҟәа ираԥхьатәиуп. Аҽазыҟаҵарақәа акыр ирмаӡан, ҳара иаҳҭахын ауааԥсыра рзы уи иззыԥшым акцианы иҟалар. Ус иагьыҟалеит", — иҳәеит иара.

Адлеиба игәаанагарала, ареспубликаҟны аҿар рзы имаҷуп агәмырҿыӷьратә усмҩаԥгатәқәа.

Афлешмоб азыҟаҵарақәа мҩаԥысуан мызкы инарзынаԥшуа, ҳәа ҳалҳәеит ари аус хацзыркыз иреиуоу Анжелика Вардекиан.

"Ҳара есыуаха ҳҽырзыҟаҳҵон акәашарақәа, ахореограф хаҭа-хаҭала ҳазыҟаиҵон. Амузыка алхра акәзар, даара иалкаан ҳазнеиуан. Афлешмоб алахәылацәа рахьтә иҟоуп ибзианы, аԥышәа зманы икәашо, аха реиҳараҩык раԥхьаӡа акәны акәашаратә қәгылара рхы аладырхәит. Ҳара ҳгәы иаанагомызт арысҟаҩык алахәхара рҭаххап ҳәа. Уи даара агәахәара унаҭоит", — лҳәеит лара.

Акәашаратә флешмоб иалахәын жәаҩыла аҿар, астудентцәа, иара убасгьы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0