Аԥснытәи ашьапылампыл асыҩцәа Европатәи ачемпионат иалахәхар рымуӡеит

© Sputnik Роберт ДжопуаФутбол
Футбол - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны амилаҭтә команда мап ацәыркит ФИФА иалахәым еизгоу акомандақәа Европатәи рчемпионат аҟны алахәхара.

АҞӘА – рашә 11 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны амилаҭтә команда мап ацәыркит Ихьыԥшым ашьапылампылтә хеиидкылақәа рконфедерациа имҩаԥнаго ФИФА иалахәым еизгоу акомандақәа Европатәи рчемпионат аҟны алахәхара. Абри атәы аалыцҳаит Аԥсны ашьапылампылтә федерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ Мадина Бганԥҳа.

"Аԥсны ашьапылампылтә команда Венгриа имҩаԥысраны иҟоу Европатәи ачемпионат иалахәхаразы иақәшаҳаҭымхеит. Убри атәы зҳәоз ашәҟәы изааит афедерациа аиҳабы Џьамал Гәбаз ихьӡала, Венгриа ашьапылампылтә федерациа аҟынтә. Ус рыӡбеит Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭеи ашьапылампылтә федерациеи иааҟәымҵӡакәа рашшрақәеи рыпротестқәеи рышьҭахь", – лҳәеит Бганԥҳа.

Ашьапылампылтә експерт Вианор Ҭыжәба Аҟәатәи ашьапылампылтә клуб «Динамо» ахада Асҭамыр Адлеиба иажәақәа ааго, иазгәеиҭеит Аԥсны анахыс мап шырцәыркыз Аахыҵ Уаԥстәылеи Аҩадатәи Кипри ркомандақәа.

"Иахьа ашьапылампыл акәша-мыкәша имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы аполитикатә ҵаҵӷәы рыҵоуп. Аспорт зынӡаскнгьы иадҳәалам", – иҳәеит Ҭыжәба.

Ихьыԥшым ашьапылампылтә хеиидкылақәа рконфедерациа имҩаԥнаго Европатәи ачемпионат мҩаԥысуеит Венгриа, ақалақь Дебрецен, рашәара 17-21 рыбжьара. Аицлабрақәа ирылахәхоит аа-командак.

Ажәабжьқәа зегьы
0