Григориев: Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахырхарҭа ҿыцқәа шьақәгылеит

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПразднование Дня России в регионах
Празднование Дня России в регионах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, Урыстәыла Амш аназгәарҭо аламҭалазы ҳаамҭазтәи Урыстәыла аҿиара аетап хадақәеи Аԥсни иареи реизыҟазаашьеи ртәы далацәажәеит.

АҞӘА, рашә 12 — Sputnik,  Роберт Џьопуа. Ҳаамҭазтәи Урыстәыла, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рҭоурых еихушар алшоит ҩ-хәҭакны, иҳәеит Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, Урыстәыла Амш аназгәарҭоз аламҭалазы.

Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызаразы аиқәшаҳаҭра амчра аиуит

"Ԥшьынҩажәижәабатәи ашықәсқәа атәылазы иуадаҩыз аамҭаны иҟан. Анапхгара-административтә система еиларбганы, излалшо ала иаарласны аџьармыкьатә економикахь аиасра рыгәҭакны, усҟантәи Урыстәыла аиҳабыра, ауааԥсыра рыбзазашьа зда царҭа амамыз аҟынӡа илаҟәыртә еиԥш аҭагылазаашьа арҭеит, азинеиҿкаара ашьаҭақәа ықәыргеит, арратә мчрақәа рылшарақәа уашәшәырахеит. Арҭ аамҭақәа рынҵәамҭазы, иҟалеит аҭагылазаашьа – Урыстәыла аҵакырадгьыл акзаара еиқәхо еиқәымхо ҳәа ишәарҭара. Ҳәарада, арҭ зегьы адунеижәларбжьаратә уаажәларратә еилазаара рҿаԥхьа ҳтәыла аҳаҭыр ладырҟәуан", – ҳәа азгәеиҭеит Григориев.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, 2000-шықәса инаркны иахьатәи аамҭаҟынӡа Урыстәыла аҿиара амҩа иануп, амчра змоу ҳәынҭқаррак  аҳасабала еиҭашьақәгылоит.

"Ари аамҭатә зыԥҵәаҟны иаалукаартә иҟоуп: 2008 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара, 2014 шықәса рзы Ҟрым Урыстәыла аилазаарахь аиҭархынҳәра. Иахьа, Урыстәыла арԥсыҽреи адунеитә ҭахкаареи зҭахны иҟоугьы иазхарымҵарц залшом рыгәҭакқәа шрықәманшәаламхаз, аглобалтәи арегионалтәи проблемақәа Урыстәыла алахәымкәа рыӡбра алыршара шыуадаҩу", — иҳәеит Семион Григориев.

Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа дрылацәажәо иара иазгәеиҭеит, иарбанызаалак аҳәынҭқаррақәа рыбжьара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы  еиуеиԥшым аизыҟазаашьатә ҭагылазаашьақәа шыҟоу: ашьақәгылара, аҿиара, ашәра – абарҭ зегьы ирхысроуп аҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа.

"Аԥсни ҳареи ҳаизыҟазаашьа атәы ҳалацәажәозар, 2008 шықәса инадыркны, аҩ-тәылак руаажәларра ргәаанагараҟны аԥыжәара аиуит азхаҵареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи ирыдҳәалоу аемоционалтә гәышьҭыҵра. Урҭ ашықәсқәа  рзы иҟази иҟаларц зылшози апроблемақәа рацәак ирылацәажәомызт. Иара убри аамҭазоуп аусеицура аиқәшаҳаҭра-зинтә база ауасхыр анышьҭаҵаха. Иахьатәи аамҭазы арахь иаҵанакуеит 80 инареиҳаны документ. Иара убасҟантәи аамҭазоуп аус анадулаз раԥхьатәи Асоциал-економикатә еинырра асистематә программа – Акомплекстә план. Иара инақәыршәаны Аԥсны иргылоуп, мамзаргьы еиҭашьақәыргылоуп жәабала аинфраструктуреи асоциалтә сектори робиектқәа", — иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев иазгәеиҭеит иара убасгьы 2010-2011шш. рзы ишхацыркыз еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны иконкреттәу апрактикатә усура.

"Аԥсҭазаара аганқәа зегьы рҟны аизҳара амоуп аинтеграциа ҵаула. Ари апроцесс ахықәкы хадақәа ҳәаақәнаҵоит 2014 шықәса абҵара 24 рзы анапы зҵаҩыз Аиҩызареи аидгылареи рзы Аиқәшаҳаҭра. Аҽеиҭанакуеит, аҽарҽеиуеит ҳекономикатә еинырра. Асоциалтә тема аҟынтәи иааҳартуеит Аԥсны  аекономика ареалтә сектор аҿиарахь амҩа, агәазҭаҵара аҳҭоит ахатәы аԥшьгара. Абас иҟоу аусеицурақәа роуп ԥхьаҟагьы аԥеиԥш зоураны иҟоу", – иҳәеит С. Григориев.

Урыстәыла Амш – атәылаҟны реиҳа иқәыԥшу аныҳәақәа иреиуоуп. 1990 шықәса, рашәарамза 12 рзы ирыдкылан Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә суверинитет азы Адекларациа. 2002 шықәса рзы аныҳәа аофициалтә хьӡы "Урыстәыла Амш" аиуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0