Урыстәыла Амш иазкыз аныҳәатә концерт мҩаԥган Аԥсны

© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт в филормонии в День России.
Концерт в филормонии в День России. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны Урыстәыла Амш иазкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит.

АҞӘА, рашә 12, Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысит Урыстәыла Амш иазкыз аныҳәатә концерт.

Григориев: Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахырхарҭа ҿыцқәа шьақәгылеит

Аконцерт иалахәын авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында", Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ". Аказакцәа рашәаҳәареи рыкәашареи Ставропольтәи аҳәынҭқарратә ансамбль инанагӡон аурыс жәлар рыкәашарақәеи  рашәақәеи.

Аныҳәа  иалахәын атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Дмитри Иудин.

Аԥсны иҟоу Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Дмитри Иудин аконцерт аҿы иқәгылаз зегьы  иҭабуп ҳәа реиҳәеит аныҳәатә гәалаҟазаара аҳьаԥырҵаз азы.

Урыстәыла Амш азгәарҭоит 1992 шықәса, рашәара 12 инаркны, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә суверинитет азы Адекларациа анрыдыркыла аҽны иақәыршәаны.

© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт в филармонии в День России.
1/3
Концерт в филармонии в День России.
© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт в филармонии в День России.
2/3
Концерт в филармонии в День России.
© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт в филармонии в День России.
3/3
Концерт в филармонии в День России.
1/3
Концерт в филармонии в День России.
2/3
Концерт в филармонии в День России.
3/3
Концерт в филармонии в День России.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0