Адәыӷба Адлер-Гагра раԥхьатәи апасаџьырцәа ахә ҳаракны ршьеит

© Sputnik Томас ТхайцукПригородный поезд "Адлер–Гагра".
Пригородный поезд Адлер–Гагра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥасаџьырцәа ргәаанагарала ақалақьқәа Адлери Гагреи ирыбжьарҵаз афымцадәыӷба ҿыц аԥсуа-аурыс ҳәаа ахыҵра маншәалоуп, еиҳарак Аԥсныҟа ԥсшьара иаауа рзы, ҳәа рҳәеит.

АҞӘА, рашә 22 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ақалақьқәа Гагреи Адлери ирыбжьарҵаз афымцадәыгба ҿыц апасаџьырцәа Sputnik иҿцәажәараан адәыӷба аусура ахә ҳаракны иршьеит.

электричка Гагра -Адлер - Sputnik Аҧсны
Урыстәылеи Аҧсни афымцадәыӷба рыбжьалеит

"Адлерҟа иааны Аԥсныҟа зхы хоу рзы ари афымцадәыӷба зегь иреиӷьу транспортуп. Адлер улақәтәар ҩ-сааҭк рышьҭахь Гагра уҟазаауеит. Уеидара уаҵаланы ауаажәларатә транспорт ахь ацареи, нас сааҭла аҳәаа уахыҵырц азы агылареи аҭахӡам", – лгәаанагара ҳациҩылшеит Челиабинскынтәи Гаграҟа ԥсшьара амҩа иқәыз Алена Овчаренко.

Адәыӷба иацырҳәоуп авагонқәа ԥшьба, иаҭахызар урҭ рхыԥхьаӡара аизырҳара алшара ыҟоуп. Вагонцыԥхьаӡа 60 ҭыԥ ҩнагылоп, ашьышьмақәа аус руоит.

Амаршрут ҿыц 40 километр рҟынӡа инаӡоит, ганк ахь ацаразы абилеҭ 200 мааҭ иаԥсоут. Афымцадәыӷба ҽнак хынтә иныҟәалоит: шьыжьла, ҽынла, хәмҽхан. Амҩа ҩ-сааҭк еиҳамкәа иақәырӡхоит. Веселое (Урыстәыла) астанциа аҟны адәыӷба 30 минуҭ иаанҿаслоит. Уи аамҭа иҭагӡаны авагонқәа рыҟны агәаҭарақәа мҩаԥыргалоит. 

Афымцадәыӷба "Гагра-Адлер" аԥасаџьыр Сергеи Прокопенко адәыӷба Аԥсны аԥсшьаратә курорт Гагра аҭааразы ихы иаирхәит.

"Ҳәарада адәыӷба даара иманшәалоуп. Избанзар ҽнак хынтә иныҟәоит. Сара ашьыжь Гаграҟа сааны ақалақь салагьежьны шьыбжьышьҭахь аҩныҟа аара сылшоит. Иҩбахаз адокументқәа авагон аҟны игәарҭоит, адәылҵра, сааҭла агылара аҭахӡам. Иааидкыланы, Гагранӡа дәыӷбала аара аҭахӡам", – ҳәа Sputnik акорреспондент иаиҳәеит Прокопенко.

Аҳәынҭқарратә аунитартә еилакы "Аԥсуа еихамҩа" аиҳабы Гурам Гәбаз игәаанагарала аԥсшьаратә сезон аан афымцадәыӷба ҿыц аԥсуа аурыс ҳәаа аусура армариоит.

"Аԥасаџьырцәа рзы иманшәалоу аграфик аԥҵара ҳҽазаҳшәеит. Ҳара ҳхырхарҭа хада – аԥсуа-аурыс ҳәаа аԥсшьаратә аамҭазы аусура арманшәалароуп", – иҳәеит Гәбаз.

Аԥсны аԥыза-минирстр Артур Миквабиеи Урыстәыла атранспорт аминистр Максим Соколови Адлери Гагреи адәыӷба ҿыц абжьаҵара азҵааразы аусуратә еилатәара мҩаԥыргеит 2015 шықәса рашәара 6. Уи аиԥылара иалҵшәахеит Аԥсни Урыстәылеи аихамҩатә еимадара аиҭашьақәыргылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0