Адгәыр Лышәба: италиатәи анаплакыҩцәа Аԥсны аинтерес рзаҵоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАдгәыр Лышәба
Адгәыр Лышәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахы аланархәит Ставрополь ақалақь аҟны "Нхыҵ Кавказ: аинвестициатә лшарақәа рыҿиареи аинвестициатә проектқәа раларҵәареи" атемала имҩаԥысуаз аконференциа.

АҞӘА, рашә 29, Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахы аланархәит рашәара 24 инаркны рашәара 26 рҟынӡа "Нхыҵ Кавказ: аинвестициатә лшарақәа рыҿиареи аинвестициатә проектқәа раларҵәареи"атемала Ставрополь имҩаԥысуаз аконференциа ҳәа азгәеиҭеит, Sputnik акорреспондент аинтервиу лыҭауа, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Лышәба.

Аконференциа иалахәын  Италиеи Урыстәылеи рҟынтәи анаплакцәа. Аԥсуа делегациа ауснагӡатә рхы аланархәит иара аиҿкааҩцәа ируаӡәыкыз, Аахыҵи Нхыҵ Кавказтәи афедералтә округқәа рҟны Италиа аҳаҭыртә консул хада, Пьерпаоло Лодиџьиани иааԥхьарала ҳәа азгәеиҭеит Адгәыр Лышәба.

Иара иажәақәа рыла, аԥсуа делегациа аконференциа алахәра хықәкны иаман аусутә еимадарақәа рышьақәыргылареи ахәаахәҭра-економикаттә еизыҟазаашьақәа рыдгылареи.

"Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны сара имҩаԥызгеит Аԥсны аекономикатә лшара аӡыргара. Италиатәи анаплакуаа Аԥсны аганахьала аинтерес ду аадырԥшит, аиҳаракгьы аинтерес роуит Аԥсны азакәанԥҵара, ашәарҭадара, ақыҭанхамҩа  аҿиара уҳәа убас егьырҭгьы аусхкқәа рганхьала. Дара инвесторцәак раҳасаб ала  рекономикатә интересқәа ахархәара ахьроуша иашьҭоуп. Ҳаиҳабыра  ақәшаҳаҭхозар ҳара урҭ Аԥсныҟа иааҳаԥхьар ҳалшоит, еиҳа еиӷьны ареспублика иамоу  алшарақәа рбаразы", — ҳәа азгәеиҭеит Лышәба.

"Нхыҵ Кавказ: аинвестициатә лшарақәа рыҿиареи аинвестициатә проектқәа раларҵәареи" атемала имҩаԥысуаз аконференциа еиҿкаан Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы Афедералтә министрреи, Аахыҵи Нхыҵ Кавкази рфедералтә округқәа рҟны Италиа аҳаҭыртә консул хадеи Ставропольтәи атәылаҿацә аиҳабыреи рымчала.

Ажәабжьқәа зегьы
0