Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысит аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз

© Sputnik Томас Ҭҳаиҵыкә2015 шықәсазтәи ашкол аушьҭымҭацәа
2015 шықәсазтәи ашкол аушьҭымҭацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳтәыла ашколқәа абзиараз ҳәа разҳәаз 2039-ҩык аушьҭымҭацәа рыхьӡала аҳҭнықалақь аҟны еиҿкаан аныҳәатә концерт.

АҞӘА, рашә 29, Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҟәа имҩаԥыргеит изаамҭанытәиу аҵаратә шықәс аихшьалақәа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысит  Аԥсны ашколқәа роушьҭымҭацәа рҟынтәи иреиӷьӡақәаз амедалқәа ранашьараз ауснагӡатә. Аушьҭымҭацәа дрыдныҳәаларц арахь дымҩахыҵит ареспублика Ахада Рауль Ҳаџьымба.

"Иахьатәи амш шәара шәзы даара акрызҵазкуа мшны иҟоуп. Ари амш шәареи шәҭаацәеи шәымацара шәакәӡам ныҳәак еиԥш иахәаԥшуа, ареспублика атәылауаа зегьы рзы  иныҳәоу мшуп. Шәара иахьа шәанылоит иаарту амҩаду, ашкол аҟны ишәоуз адыррақәа ԥхьаҟатәи шәылшамҭақәа шьаҭаны ирзыҟалароуп. Ҳара агәра аагоит, иахьа азаанаҭ алхуа, уаҵәы ҳтәыла аҿиара шәхы алашәырхәуеит ҳәа", — реиҳәеит еизаз атәыла ахада.

2015 шықәсазы  Аԥсны ашколқәа ирылгеит 2039-ҩык аҵаҩцәа, урҭ рҟынтәи 50-ҩык ибзиоуп ҳәа рҵара хдыркәшеит, фҩык ахьтәы медалқәа ранашьахеит, аӡәы – араӡнытә медал.
Очамчыратәи абжьаратә школ №2 аушьҭымҭа, амедалист Синан Ԥоцхор-иԥа ирҵаҩцәа ҭабуп ҳәа раҳәаны ԥхьаҟазы планқәас имоу ртәы даҳзалацәажәеит.

"Сара исҭахуп ҭабуп ҳәа расҳәарц зымчи зылшеи абарҭ ашықәсқәа зегьы иҳадызҵоз, еснагь иҳавагылаз – ҳҭаацәеи ҳарҵаҩцәеи. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ҳтәыла аизҳа-зыӷьаразы. Сара исыгәҭакуп акардиохирург изаанаҭ аиура, нас Очамчыра ақалақь аҟны ахәышәтәырҭа аасыртырц. Ари сара сыԥсҭазаара зегьы иагәаҳәара хаданы иҟоуп", — иҳәеит иара.

Аныҳәатә уснагӡатәқәа ирыцҵан Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны. Уаҟа аушьҭымҭацәа рзы еиҿкаан аныҳәатә концерт. Ахәылԥаз апрограмма иалахәын ареспублика акәашаратә коллективқәеи аестрадатә шәаҳәаҩцәеи.

Аныҳәа хыркәшан амшын аԥшаҳәаҟны ақалақь ауааԥсыра рныҟәарақәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0