Аҳаԥқәа ирырҭо ахьӡқәа аҳәынҭқарра ақәшаҳаҭзароуп

© Sputnik Томас ТхайцукАфонҿыцтәи аҳаԥы
Афонҿыцтәи аҳаԥы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр Артур Амқәаб иажәалагалала иаԥҵахоит аԥсуа ҳаԥқәа ртопонимқәа еиҭарыхәаԥшраны иҟоу акомиссиа ҷыда.

АҞӘА, рашәара 30, Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны иахьаҵанакуа аҳаԥқәа аазыртуа ируалԥшьоуп аҳаԥқәа ирырҭарц ирҭаху ахьӡқәа Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡ иақәшаҳаҭхарц азы адгалара.

Абри аҩыза аӡбра рыдыркылеит Аминистрцәа Реилазаараҟны аҩаша, рашәара 30 рзы.

"Шьҭарнахыс аҳаԥ ҿыцқәа раартраан иахырҵарц иргәиҭоу ахьӡ Аҳәынҭеилакы ақәшаҳаҭзароуп. Уаанӡа асеиԥш иҟамызт", — иҳәеит Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа.

Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла  ареспубликаҟны иахьазы иаарту аҳаԥқәа рыхәҭак ауп аԥсуа хьыӡқәа зманы иҟоу.

"Сара исыԥшааит аҳаԥқәа рыхьӡқәа рсиа, 150 хьӡы рҟынтәи 10% заҵәык роуп аԥсуа хьыӡқәа змоу. Егьырҭ: Лимпопо, Вахушти Багратиони, Индира Ганди иреиԥшу роуп", — иҳәеит Ҷыҭанаа.

Аԥыза-министр Артур Амқәаб иажәалагалала иаԥҵахоит  аԥсуа ҳаԥқәа ртопонимқәа еиҭарыхәаԥшраны иҟоу акомиссиа ҷыда.

Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара иара убасгьы иҭышәнартәалоит Аԥсны аҳәаанырцәтәи аспелиологцәа раҭаара апроцедура. Азыҳәа аҭҵаара ашьҭахь, Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аилак ақәыршаҳаҭны  аҳаԥы аҭаара азин ҟанаҵоит Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистрра.

Ажәабжьқәа зегьы
0