Аҧсны ақыҭақәа рҟны Ацуныҳәа мҩаҧыргоит

© Sputnik / Томас ТхайцукОбрядовый праздник "Ацуныхуа" в селе Ачандара
Обрядовый праздник Ацуныхуа в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ес-ҧхынра Аҧсны ахы-аҵыхәа иахьа уажәраанӡа ажәлар еиқәырханы ирымоу ижәытәӡатәиу ашьаҭақәа змоу Ацуныҳәа мҩаҧыргоит.

АҶАНДАРА, ҧхынгәы 12 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҧсны ақыҭақәа рҟны Ацуныҳәа азгәаҭара мҩаҧысуеит.

Аамҭақәа иргәылсны иаауа ари амилаҭтә ныҳәа Аҷандара ақыҭа Ӡыбзыр аҳабла иахьымҩаҧыргоз ҳаҭааит.

Ишаҧу еиҧш, рхы иақәныҳәарц азы Ацуныҳәа ашҟа инеит ҭаацәаныла ақыҭауааи, уи иалҵны еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҟны инхои.

Аныҳәаҩ Чодиа Гәынба арасаҵәы иахоу ашьтәа агәи агәаҵәеи иарма напала икны, иарӷьа напала аҩы зҭоу аҵәца кны Анцәа ишҟа аҳәара ҟаиҵеит еиланхо ақыҭауаа ҭаацәаныла дырхылаҧшырц, арыцҳара иацәихьчарц, рхы-рыҧсы иақәгәырӷьо, еилшәара рымамкәа иҟазарц. Иара убас, Анцәа диашьапкуеит анхацәа иларҵаз рымхқәа ианаамҭоу ақәа, ианаамҭоу амра роуразы. 

Аныҳәаҩ иажәа анхиркәша иаҵәца аамихын аҵәы иахаз агәи агәаҵәеи ргьама ибеит, анаҩс еизаз зегьы агәи агәаҵәеи рыхәҭа ршеит (аныҳәаҩ дзыхныҳәаз агәи агәаҵәеи ргьама рбоит, уи ииҳәаз нагӡахарц азы).

"Егьа аамҭа ҿыц ҟаларгьы, аҧсҭазаара ҧхьаҟа ицаргьы ҳара ҳмилаҭтә ныҳәақәа ҳхашҭыр ҟалом, урҭ рҟны ауп ҳара ҳаҧсы ахьҭоу, ҳхаҭара ахьыҟоу. Аҷандараа рыдагьы Аҧсны инхо ажәлар зегьы агәахәтәеихьӡара, аизҳазыӷьара рзеиӷьасшьоит", — иҳәеит Аҷандара ақыҭа инхо Станислав Гәынба.

Анаҩс, қьабзла ишаҧу еиҧш, Ацуныҳәа иалахәу ақыҭауаа аныҳәатә еишәа ашҟа инеит аҧсуа чысхкқәеи Аҷандаратәи аҩы ҧхеи-ҧхеи ргьама рбаразы.


Ажәабжьқәа зегьы
0