Сонер Гәогуа: ҳзеиԥш ус азы ҳажәҩахыр еибаҳҭароуп

© Foto / предоставлено Сонером Гогуа"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гәогуа
Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ахада Сонер Гәогуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гәогуа далацәажәоит афонд аусуреи уи аҽалрхәышьас иҟоу амҩақәеи.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гәогуа далацәажәоит афонд аусуреи уи аҽалрхәышьас иҟоу амҩақәеи. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа.

– Ҳреспубликаҿы раԥхьаӡа акәны шәара шәаԥшьгарала еиҿкаауп, аусурагьы иалагеит ауаажәларратә еиҿкаара  "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны".  Иаҳҭахыуп иҳаилшәыркаарц афонд аусура хықәкыс, ҵакыс иамоузеи?

– Афонд хырхарҭа рацәала аус ауеит. Ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи ринтересқәа рыхьчара ҳадгылоуп.  Шықәсыктәи апрограмма ҟаҵаны, еиҳа ихадароуп ҳәа ҳгәы иззаанаго азгәаҭаны, ахеилакқәа аусура иаҿуп.  Афонд аԥшьгарала, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Абаза" официалла Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аҳәыҷтәы фестиваль аҽаланархәит. Ааԥхьра анҳау инаркны, ари апроект аус адаҳулон. Анаҩс, еиҿаҳкааит астол гьежь ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсни, Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьа атемала. Уи мҩаԥысит Аҟәа, Москватәи акультуратә усутә центр аҟны. Иалахәын ахтәылак рҟынтәи еицырдыруа аҵарауаа, аполитологцәа, аекспертцәа. Ирзааҭгылан аҭоурыхтә хҭысқәа, асоциал-економикатә ҿиара аҭагылазаашьа, ахәаахәҭратә усқәа уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа, иаарԥшын аҳәынҭкаррақәа рполитикатә еизыҟазаашьақәа,  аԥхьаҟатәи  аперспективақәа. Аусеицуреи аиҩызареи рзы ахганкгьы  аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Сгәы излаанаго ала, ари аус аганахь ала,  афонд ахықәкы нанагӡеит.

Жәларбжьаратәи Афонд  Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Аилыркаара. "Жәларбжьаратәи Афонд Аԥсны" азы

Иара убас,  Маи 21 рзы, Кавказ ажәларқәа итрагедианы ирзыҟалаз амҳаџьырра агәалашәара амш азгәаҳтеит. Аҭоурыхтә хҭысқәа ҳзымдыруа, аԥсҭазаара амҩа иаша ҳзанылаӡом. Ҳажәлар ринтересқәа ҳрызхәыцуазароуп. Ахырҵәара иадҳәалоу аамҭақәа рнаҩс, ҳара иаҳдыруеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, Урыстәыла аекономика, аполитика аганахь ала адгылара иаҳзыҟанаҵаз. 2008 шықәса рзы, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра шазханаҵаз. Ажәытә, ҳаиҳабацәа ишырҭахыз еиԥш аамҭа ҳҭагылоуп иахьа. Аҳәаанырцәынтәи  рҭоурыхтә ԥсадгьыл иазыхынҳәуа иалагеит ҳџьынџьуаа. Араҟа аҭаацәарақәа аԥырҵоит, ииуеит рыхшара, Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рхы рыладырхәуеит, аекономика, акультура, аспорт уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус руеит. Ари еиӷьу иарбан гәырӷьароу?! Ари аԥхьаҟа агәыӷра ҳазҭоу аамҭаны ҳахәаԥшуеит.  

Маи 21 рзы,  афонд аԥшьгарала еиҿкаан, Аԥсны аиҳабыреи, Ҭырқәтәылантәи зыԥсадгьыл ахь нхара ихынҳәыз ҳџьынџьуааи реиԥылара. Имҩаԥысит аофициалтә ҟазшьа змамыз, гәаартылатәи аицәажәара.  Иаҳгәалаҳаршәеит ҳажәлар ирхыргаз аҭоурых,  ҳрылацәажәеит аԥхьаҟатәи ҳусқәа.   Ишырҳәо еиԥш "Ашә уахьасуа ауп иахьаадыртуа". Ҳара ҳгәы иҵхо, насгьы ҳзеигәырӷьо азҵаарақәа ҳрылацәажәалароуп. Ииашоу амҩа ҳанықәло усҟан ауп. Иара убас, ари арыцхә инамаданы,  афонд ахьӡала  Ҭырқәтәылаҟа  иҳашьҭит аделегациа. Уи аилазаараҟны иҟан аҵарауаа Гәрам Амқәаби Арда Ашәбеи. Дара рхы рыладырхәит, есышықәса Қьефқьен ақалақь, Амшын Еиқәа аҿықә аҟны, ҳауаажәлар рыхәҭа дук ахьықәынҵәаз аҭыԥ аҟны ҳдиаспора  иазгәарҭо агәалашәаратә мшы. Иара убас, урҭ алшара рыман 30 нызқьҩык инарзынаԥшуа аԥсуаа ахьынхо Қоџьаели ақалақь  аҭаара. Имҩаԥысит аиԥыларақәа жәпакы. Ааԥхьара рыҭан аҭыԥантәи ателехәаԥшратә канал ахь. Аԥсны асоциал-економикатә, аполитикатә ҭагылазаашьа иазкны ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит.

– Уажәы шәнапы злакузеи? 

– Уажәы, аус адаҳулоит апроект ҿыц "Ани Амаалықьи". Уи еснагьтәихоит. Аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ҿыц ахшара ахьиуа, ан лхәыҷы иааӡараҿы лхы иалырхәаша амаҭәаҳәқәа рыла ацхыраара лаҳтоит. Адунеи аԥышәа излаҳнарбо ала, ари аус иадгылоит, ацхыраарагьы анаҭоит Аҳәынҭқарра еиԥш, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәагьы. Аԥсны араионқәа зегьы рҟны инхо аԥсуа ҭаацәарақәа аҳамҭа роурц алшара рымоуп ҿыц ииз ахәыҷы иаршаҳаҭгала. Аҟәеи, Аҟәа араин иаҵанакуа, ҳара ҳфонд аҟны ироур ҟалоит. Ҳара ҳадрес: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩаду 16. Абизнес-центр "Гәдоу-плаза" а-5-тәи аихагыла. Егьырҭ араионқәа ирыҵаркуа аҭаацәа, афонд ахаҭарнакцәа администрациақәа рахь ирызнаргоит, нас уаҟа еихыршоит. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит  Аԥсны адемографиа азҵаара иадҳәалоу ауадаҩрақәа шыҟоу. Ҳара ҳажәлар маҷуп. Ҳыԥхьаӡарала ҳаизҳароуп, ҳаӷәӷәахароуп. Ииуа ахәыҷқәа ргәабзиара ҳацклаԥшлароуп, анапы раҳҭароуп, аҵара дҳарҵароуп. Аԥснеиԥш, уи анҭыҵгьы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалароуп. Адырра бзиақәа роуны, ҳҳәынҭқарра ашьаҭа иауасхырны иҟалароуп. Усҟан ауп ҳамчгьы ҳалшарагьы аныӷәӷәахо.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ихацнаркит апроект ҿыц "Ани амаалықьи"

Иара убасгьы дәныҟатәи аполитика, аекономика, акультура, арепатриациа, аспорт уҳәа апроект ҿыцқәа аус рыдулара ҳаҿуп.

– Шәызлацәажәаз ахырхарҭақәа инарҷыданы, афонд аполитикатә ҟазшьа змоу аусқәа мҩаԥнагома? Уи аганахьала ауаажәларраҟны иҟоуп еиуеиԥшым агәаанагарақәа. Иҳаилшәыркаарц сҭахын.

— Аполитика мҩаԥызго Аҳәынҭқарра ыҟоуп, иҟоуп аполитикатә еиҿкаарақәа, апартиақәа, аопозициа. Ҳара ҳхықәкы хадақәа ируакыуп Аԥсуа ҳәынҭқарра адгылара, ҳажәлар ринтересқәа рыхьчара, иҳалшо ала ацхыраара рыҭара. Ҳус ажәлар ирбарҭахоит.  Аԥсуаа нырцә ҳаҟоума, аарцә ҳаҟоума, ҳаидгыланы, ҳахшыҩи, ҳамчи еилаҵаны, ҳапроблемақәа ҳаӡбалароуп. Уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡам. Ҳара ҳфонд иҳәынҭқарратәым еиҿкаароуп. Ҳапроблемақәа  ҳара ҳаҩнуҵҟа иаҳмыӡбар, ҳара ҳзы даҽаӡәы иӡбараны дыҟаӡам, егьа адгылара ҳаиҭаргьы. Ҳара ҳинтересқәа ҳара иҳахьчароуп.

Акәашаратә ансамбль "Абаза" аҟазара ҭырқәтәылатәи ахәаԥшцәа аршанхеит

Сара сыуаажәлар рыпроблемақәа здыруазар, алшара сымазар, аԥышәа сымазар, схы сзеигӡари? Сыжәлар ирыхәо ак сзыҟаҵар сара сзы инасыԥуп. Ҳҳәынҭқарра, ҳхыьыԥшымра,  уаҵәтәи амш  ҳахьчарц азы ҳаидгылароуп. Афонд аҟны аус руеит Аҳәынҭқарра амаҵ азызухьоe, зус ҭакԥхықәрала иазнеиуа ауаа. Иахьа Ҭырқәтәыла инхо, Урыстәыла инхо апсуаа, Аԥсны аԥхьаҟатәи амшқәа рзы, аусқәа рҟны, абжьы рымазароуп.  Аԥсны инхо, зсоциалтә ҭагылазаашьа  хьысҳау ауаа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп.  Алшара зегьы ирымаӡам. Ус иҟоу ауаа ҳрыцхраар ауми… Ус акәзар ҳаидгылап. Ҳара ҳажәлар ҳара ҳрыцхраар, егьырҭ аҳәынҭқаррақәагь ирбап, аԥхьаҟа адгыларагьы ҳарҭап.

 Афонд  афилиалқәа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны раартра азгәаҭоума?

 Хымԥада, иазгәаҭоуп. Афонд анапхгара мацара ала, ҳнапы иану аусқәа реиҿкаара уадаҩхоит. Афинанстә цхыраара инаҷыданы, хатәгәаԥхарала ҳусқәа зхы рылазырхәуа ҳауаажәлар ыҟоуп, Аԥсны еиԥш Урыстәыла, Ҭырқәтәыла. Уи ҳара ҳгәы арӷәӷәоит. Иахьазы ҳара ҳфонд еиднакылоит 200-ҩык рҟынӡа ауаа. Афонд аҩнуҵҟа иҟоуп аҿар, Сириантәи, Ҭырқәтәылантәи.  Даара ҳреигәырӷьоит. Ҳгәыӷуеит рхыԥхьаӡара иҵегьы еизҳап ҳәа. Ҳус алҵшәа аиуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара ҳазлагаз ҳусқәа рҟны, иазԥхьагәаҭан иҳамоу апроектқәа рынагӡаразы иҳамоуп ҳхатәы материалтә база. Ааԥхьарак аҳасабала сыбжьы сыргарц сҭахыуп ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи шәахь, ҳазлагаз аусқәа рҟны, ҳфонд материалла, хатәгәаԥхарала  адгылара ашәҭарц, досу ишәылшо шәлагала ҟашәҵарц. Ҳарҭ ҳзеиԥш ус азы ҳажәҩахыр еибаҳҭап.

 Иҭабуп ҳаиҿцәажәаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0