"Сан-Ремо" аҟынтәи "Риҵа" ахь: сасааирҭак аҭоурых

© Foto / из архива Анзора АгумааГостиница Сан-Ремо 1914 г.
Гостиница Сан-Ремо 1914 г. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны зегь еицырдыруа асасааирҭа "Риҵа" шәышықәса инеиҳаны иахыҵуеит. Уи аҭоурых Sputnik аматериал аҟны.

Аҟәатәи амҩадуқәа рҟны еиҳа-еиҳа ирацәахоит атуристцәа. Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа хәылԥазыла аҳауа гәырҭәыла илбаадо илеи-ҩеиуа уаала иҭәуп. Амшын аҟны рҽыкәабаны, амшын иаԥну акрыфарҭақәа рҟны гәаҳәарыла акрырфоит. Ианааилахәло рсасааирҭақәа рахь ихынҳәуеит. Аҟәа зегь раасҭа еицырдыруа асасааирҭа "Риҵа" шәышықәса инеиҳаны иахыҵуеит.

Sputnik, Арифа Қапԥҳа

Хԥаны еихагылоу асасааирҭа "Риҵа" ақалақь авизиттә карточкақәа ируакуп. Дарбанызаалак ҳақалақь иаҭааз атурист хымԥада "Риҵа" аҿаԥхьа дгыланы ифото тихуеит. Атеатр аԥхьа игылоу афонтанқәа рҟны ипатреҭ ҭихуазаргьы, ашьҭахьтәи афон аҟны "Риҵа" убарҭоуп.

Ишԥалагеи "Риҵа" аҭоурых? "Риҵа" аҭоурых хацнаркит аҩбатәи агильдиа иаҵанакуаз абырзен ҭуџьар ила. XX ашәышықәса алагамҭаз арахь иааз уи аҭуџьар ирласны еиликааит аизҳара иаҿыз ақалақь аҟны асасааирҭа аргылара ахашәала бзиа шаанагоз.

Аҭуџьар ихьӡын Христофор Спанакис (Спанаки), амшын аԥшаҳәаҟны иргылаз асасааирҭа иахьӡитәит "Сан-Ремо".

Ажурналист, аҭоурыхдырыҩ, "Аҟәатәи абырзен жәабыжьҳәаҩ" аҭыжьҩы Георгос Григориадис ишышьақәирӷәӷәо ала асасааирҭа ахьӡ аҩбатәи ахәҭаҟны ауп ақәыӷәӷәара ахьыргылатәу.

Иазгәаҭатәуп усҟантәи аамҭазы асасааирҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, аҩыжәырҭақәа уҳәа реиԥш иҟаз асеиԥш аекзотикатә хьыӡқәа рыҭара моданы ишыҟаз.

© Foto / из архива Анзора АгумааГостиница Сан-Ремо 1930 г.
Сан-Ремо аҟынтәи Риҵа ахь: сасааирҭак аҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Гостиница Сан-Ремо 1930 г.

"Сан-Ремо" аҟны асасцәа рзы еснагь ирхианы иԥшын 25 уада. Урҭ рԥенџьырқәа зегьы мшын аганахь ирхан. Зыԥшӡарала ауаа рылаԥшқәа здызхалоз, абарельиефқәа рыла ирхиаз ари ахыбра ақалақь аҟны иреиӷьу ҳәа иԥхьаӡан.

Асасааирҭа актәи аихагылаҟны иҟан усҟантәи аамҭақәа рзы иреиӷьуп ҳәа ззырҳәоз ақьафурҭа "Биржа". Аҭоурыхдырыҩ, апрофессор Станислав Лакоба ишышьақәирӷәӷәо ала араҟа еиуеиԥшым, аинтерес змаз ахҭысқәа мҩаԥысуан.

Максим Горки - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2019
Максим Горки Аԥсны иҟазаара: иажәа ҳлитературеи ҳфольклори рзы аҵак ду аиуит

Урҭ руак атәы Станислав Лакоба изеиҭеиҳәеит Маиор Хахмигери. Ашәҟәыҩҩы Максим Горьки Аԥсны даҭаан даныҟаз акәын. Аҟәа, иара хаҭала Нестор Лакоба дидикылон. Асас изкыз аишәа-чараҿ зегь ишахәҭаз еиԥш еиҿкаан. Аишәа-чара агәырӷьара-аччара шагмызгьы, уи аҽны, ақалақь аҟны ашәҟәыҩҩы икьаҿ рӷььычын, зегьы уи ргәы еихьнашьуан. Аныҳәаҿақәагьы, ацәажәарақәагьы ашара рыҵубаауан. Ус, аишәа-чара аҽааиҩнашоны, ақьафурҭа дааҩналеит, еилаҳәарак знапаҟны  изкыз аҷкәын-хылаԥшыда. Аҷкәын иикыз аилаҳәара Лакоба инеииркит. Лакоба иҟалаз абырсааҭк еиликааит, аилаҳәараргьы Горьки иахь инеирххеит. Горьки идыркыз анааилих – абар икьаҿ. Аҵырҟаџьыбаҟны бӷьыцк ҭыҳәҳәон, иааҭиган, даԥхьеит. Ччаԥшьк ихаҿы иаақәлан, абӷьыц ибжьы ҭганы днаԥхьеит: "Ҳаҭыр зқәу, Нестор, ҳара иҳаздырамызт ари ауаҩ уара дышусасыз. Иџьыба иҭаз ажәа-мааҭк инаҳашьҭыз аҷкәын иаҳҭеит…" Горьки дԥышәырччо, "абри ауп аҳаҭырҵәҟьа" иҳәеит.

Уажә ҳазыхынҳәып 1914-тәи ашықәс. Асасааирҭа "Сан-Ремо" ргылан амҩақәа Колиубиакинскии Михаиловсктәи аԥшаҳәеи реихысырҭаҟны. Ари асасааирҭа дыргыларц азы иқәган ақьафурҭа "Биржа", аотель "Централь", ахцәыҵырффарҭа "Жан", ахаалыҵ аӡырҭа "Голландиа". Урҭ рҭыԥ аҟны аамҭа кьаҿк иалагӡан иргылан асасааирҭа ҿыц.

АНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2021
Ажәытәтәи аԥшӡара зцәымӡыц: аҵарауаа рвиллақәа

Аха угәы унамырхьырц залшом абри асасааирҭа аргыларазы аџьабааи аԥара рацәеи ақәзырӡыз Христофор Спанакис шықәсыкгьы даԥшәыманы дахьзыҟамлаз. Иалагеит Актәи адунеизегьтәи аибашьра. Спанакисаа рҭаацәара ықәҵны ицар акәхеит. Асасааирҭа "Сан-Ремо" ааихәеит аҽа бырзенуаҩык – Фиодорос Балтаджис. Иара аргылара инапы алакын.

"Сан-Ремо" еиԥш иара иааихәеит Гагра ақалақь аҟны авилла. Гагреиԥш Иалтагьы авиллақәа ҩба иман. Ибзианы инхоз-инҵуаз дреиуан.

Балтаджис Спанакис иаасҭа шықәсқәак  деиҳаны асасааирҭа дахатәтәҩны дыҟан. 1917 шықәсанӡа "Сан-Ремо" имҩаԥысуан Аԥсны инхоз абырзен еилазаара реиԥыларақәа, рныҳәақәа.

Арахь имҩахыҵуан атуристцәа. Аха, асовет мчы анааи инаркны зегь рҽеиҭаркит. Балтаджисгьы имаз-ихӡыз зегь ицәыӡны Бырзентәылаҟа дхынҳәит. Асасааирҭагь милаҭтәуп ҳәа иазыԥхьаӡан.

© Foto / из архива Анзора АгумааГостиница Сан-Ремо 1914 г.
Сан-Ремо аҟынтәи Риҵа ахь: сасааирҭак аҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Гостиница Сан-Ремо 1914 г.

1938 шықәсазы асасааирҭа ахьӡ ҿыц "Риҵа" ҳәа ахҵан. Ахьӡ ҿыц иазымԥсахит асасааирҭа иамаз аԥшӡара. Ԥасеиԥш уажәгьы асасцәа бзиа ибаны иаҭаауан. Урҭ дыруаӡәкын апоетесса Мариетта Шагиниан. Лара дынхон 26-тәи ауадаҟны. Акранҵы лҩымҭақәа рҿы Аҟәатәи аԥсҭазаара дазааҭгыло илыҩуан абас: "Аҟәа анхара бзиоуп, аиҳарак ҭагалан.  Зехьынџьара ахьа рҷыҷуеит. Аҭаҭынфҩы ачаи еиҵарԥхьа еиԥшха амшынҵаа афҩи иареи еилаӡҩоит. Абалкон аҟны икнаҳау амаҭәа аџьыкхыши аԥшеи рыфҩы ахуп. Уахынла амшын ианубаалоит аӷбақәа рылашара, амыдаӷьцәеиԥш зыҩныҵҟа лашо амчындыр аҟынтәи афлеита абжьы гоит".

Аха, асасааирҭа асасцәа ирылукаауеиит Лев Троцки ихьӡ. Ирҳәоит 1924 шықәсазы, Ленин иԥсра атәы аниаҳа, абри асасааирҭа абалкон аҟынтәи ауп ажәлар рахь ихы нарханы, амцаԥшь иаҩызаз иажәахә ала дахьықәгылаз ҳәа. Аха, апрофессор Станислав Лакоба иажәақәа рыла ара еилагарак ыҟоуп. Убри аамҭазы ииашаҵәҟьаны Троцки Аԥсны дыҟан, хымз рҟынӡагьы даанхеит. Иара убри ауп Ленин ишьҭрақәлаҩыс иҟалара алзмыршазгьы. Аха "Риҵа" абалкон аҟынтәи Троцки усҟан ажәахә ҟаимҵаӡеит. Уи арантәи ажәахә аныҟаиҵаз 1925 шықәса хәажәкыра 23 рзоуп.

"Риҵа" аҭоурых ду змоу асасааирҭа, шәышықәса рыҩныҵҟа изныкымкәа ахаҿра аԥсаххьан. Хынҩажәижәаба шықәса анахыҵуаз аламҭалаз иҟаҵаз аремонт аиҳарак иаԥсахит адәахьтәи аԥшра, ирыԥсахит аԥшшәы, иԥсахын ак иаламҩашьоз, амодерн астиль иаҵанакуаз аԥенџьырҭасақәа.

Зегь иреицәаз аамҭақәа асасааирҭа иазыԥшын аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан. Ақалақь ауааԥсыра рыла ишабоз  ақырҭуа фашистцәа ирыблит анкьа зны абеиареи аԥшӡареи згымыз ахыбра. Аибашьра ашьҭахь асасааирҭа еиҭашьақәдыргылеит.

Иахьа "Риҵа" еиҭахгьы ақалақьуааи ақалақь асасцәеи аргәырӷьоит. Ақалақьтә ҵакыра иалаӡҩаз ахан шкәакәа ахаангьы абра игылазшәа агәаанагара уоуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцукасасааирҭа "Риҵа"
Сан-Ремо аҟынтәи Риҵа ахь: сасааирҭак аҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
асасааирҭа "Риҵа"

 

Ажәабжьқәа зегьы
0