Роман Дбар: Аԥсны аекосистемаҿы амцаԥшьхәаҷа аԥсабаратә ӷацәа цәырҵит

© Sputnik Томас ТхайцукАмцаԥшьхәаҷа
Амцаԥшьхәаҷа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар Sputnik иазеиҭеиҳәеит ашыц ықәызхуа амцаԥшьхәаҷа аԥсабаратә ӷацәа аиуа ишалагаз.

АҞӘА, ԥхынгәы 22, Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны аекосистемаҿы амцаԥшьхәаҷа (огневка) аԥсабаратә ӷацәа цәырҵит иҳәеит Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар.

Дбар иажәақәа рыла, адунеи иқәу зегьы ирымоуп аԥсабаратә ӷацәа. Урҭ аԥсабараҟны ҭышәныртәалагатә механизмк еиԥш иҟоуп.

Иара излаиҳәаз ала, иалкаау аекосистемаҟны иҟам, анҭыҵынтәи арахь иаауа, арахь ирыманы иаауам дара рыԥсадгьыл аҟны рхыԥхьаӡара ҭышәынзыртәалоу агыгшәыгқәеи апаразитқәеи.

"Абри аҩызаҵәҟьа аҭагылазаашьа ҳауит ашыц ықәызхуа амцаԥшьхәаҷа аганахьалагьы. Алада-мрагыларатәи Азиа ԥсадгьылс измоу амцаԥшьхәаҷа арахь иқәнагалеит Шәача аолимпиатә обиектқәа андыргылоз рԥшӡагас иааргаз аҵиаа аҟынтә. Нас, уахьынтәи иара Аԥсныҟа иқәнагалеит", — иҳәеит Дбар.

Аеколог иазгәеиҭеит ашыцҭрақәа иаалырҟьан иагьырццакны рықәхра зыхҟьаз амцаԥшьхәаҷа ықәызхыша агыгшәыгқәеи апаразитқәеи ахьыҟам ауп ҳәа.

"Аԥхьатәи аетап ас ауп ишыҟоу. Нас, ахәаҷа аратәи аекосисттема иалахалацыԥхьаӡа ицәырҵуа иалагоит иара ықәызхуа аҭыԥантәи агыгшәыги апаразитқәеи. Иахьа уи апроцесс амҩаԥысра иалагеит", — ҳәа азгәеиҭет аеколог.

Аминистрцәа алацәажәеит ашыц ықәызхуа ахәац аиааишьас иамоу атәы

Иара еиҭеиҳәеит абнараҟны амцаԥшьхәаҷа ақәгаразы ахимиатә маҭәашьарақәа ахархәара рыҭара иалагар, уи еиҳа еицәоу аҭагылазаашьахь икылнагар шалшо.

Роман Дбар иазиԥхьаӡоит ашыц ықәызхуа ахәаҷа иԥсабаратәу аӷацәа рызхьаԥшра еиҳа алҵшәа аиуеит ҳәа.

"Ҳара уажәы ралкаара ҳаҿуп ахәаҷа иаҿагылаша аӷацәа. Урҭ еснагьгьы ара иҟан, аха аекосистема иаланагалаз ахәаҷа ҭырҵаар акәын. Уажәы ахәаҷеи иара аӷацәеи аишьцылара иаҿуп. Аҭыԥантәи ашхырцәаӷьқәа (полисты) рыфатә аспектр акыр иҭбаауп, урҭ уажәы амцаԥшьхәаҷа афарахь ииасит", — иҳәеит Дбар.

Иара убасгьы иҳәеит абызкаҭаҳақәагьы, рацәак идуум амҵ зкуа аԥсаатәгьы ахәаҷа афара ишалагаз. Иара убасгьы ахәаҷа рфоит ахәлыԥҵысқәа.

Колхидатәи ашыц ахәшәтәра актәи аетап мҩаԥыргеит Пицунда. - Sputnik Аҧсны
Колхидатәи ашыц ахәшәтәра актәи аетап мҩаԥыргеит Пицунда

Аеколог иажәақәа рыла, ари апроцесс даара ишьшьылаҳау процессуп. Шәачаа ракәзар арахь иааргеит ахәаҷа ықәызхыр зылшо, иара аԥсадгьыл аекосистема иатәу еулофит.

"Ҳәарада ари амаҵагьы Аԥсныҟа иаашт, аха уигьы аамҭа рацәаны иаҭахуп, убри инадҳәаланы ахимиатә маҭәашьарақәа рыла имҩаԥааго аусурақәа нагӡахоит", — иҳәеит Дбар.

Амцаԥшьхәаҷа Аԥсныҟа иаанагеит 2012 шықәсазы Шәачатәи аолимпиада аан. Усҟан Урыстәыла Италиа иаанахәеит апаркқәа рыриаҵәаразы Китаитәи ашыц шьаҭақәа, урҭ ирылан ари ахәаҷагьы.

Колхидатәи мамзаргьы Кавказтәи ашыц реликттә ҵлажәлоуп. Иара ахьҭақәа ачҳауеит −10 °C рҟынӡа, 600 шықәса ннаҵуеит. Азҳара ашьшьы-шьшьыҳәоуп ишымҩаԥысуа – шықәсык ала сантиметрақәак ацлоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0