Рамаз Џьапуа: Аибашьра сара сзы нанҳәа 12 рзы иалагеит

© Sputnik / Роберт ДжопуаРамаз Џьапуа.
Рамаз Џьапуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аӡбахә ҳәо, аибашьҩы, аветеран Рамаз Џьапуа иазгәеиҭеит Аԥсны арратә мчқәа еиҿкаахаанӡа апартизантә еибашьра шцоз.

АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik, Роберт Џьапуа. 1992 шықәса нанҳәа 14 сара сыԥсҭазаараҟны имшы еиқәаҵәаны иҟалеит ҳәа игәалаиршәоит аибашьҩы, аветеран Роберт Џьапуа.

"1992 шықәсазы сара исхыҵуан 23 шықәса. Аԥсуа гвардиа саланы, Очамчыра араион Охуреи ақыҭан сгылан. Аибашьра алагара ҩбаҟа мчыбжьы шагыз, сара командирс исымаз Хәыхәыт Бганба симҵны, сабџьар архәҭаҟны иааныжьны схатә усқәа рзы Краснодарҟа сцеит. Нанҳәа 12 рзы Аԥсныҟа сгьыжьит. Гагратәи амилициатә постқәа руак аҟны сдокументқәа ргәаҭара иалагеит. Амилициаа руаӡәк спаспорт аҟны "Тҟәарчал араион аҟны ииз" ҳәа аҩыра аниба дсазҵааит, уара у-Тҟәарчалтәума ҳәа. Ааи анысҳәа, "Мы вам покажем чья это земля" ихәеит. Ажәеи ажәеи еихҳәаало аисраҟынӡа ҳнеибагеит. Итапанча ааҭиган схы инадиргылеит, усшьуеит ҳәа. "Ухыс" сҳәеит саргьы. Убри аамҭазы ииасуаз амашьына аангылан чкәынак дааҭыҵын, излеилыскааз ала исеихсырц зҽызшәоз амилиционер ирҭынчра далагеит грышәала. Абри амш аҽны иалагеит сара сзы аибашьра", — иҳәеит Џьапуа.

Рамаз Џьапуа игәалаиршәоит нанҳәа 14 рзы Лабра дшыҟаз. Идырк икабинет аҟны иштәаз Аԥсуа телехәаԥшрала аибашьра ишалагаз рыларҳәеит.

"Ҳара иаразнак амашьына ҳнақәтәаны Очамчыраҟа ҳхы ҳархеит. Ақалақь Ахадарагьы ҳнадгылеит ақырҭцәа аԥсуа бираҟ аахҳәангьы инкарыжьит. Сара иаразнак Охуреиҟа, сырхәҭа ахьгылаз схы сырхеит. Амҩан издыруаз исарҳәеит уахь ацара шҵакыдоу, зехьынџьара ақырҭуа гвардееццәа шгылоу. Саахынҳәын, сқыҭа Отапҟа амҩа сықәлеит. Ҩымш ракәу хымш ракәу рышьҭахь уа иҳазҩеиит Мираб Кьышьмариа, Лорик Кәаӷәаниа, Оҭар Ҵәыџьба. Урҭ ирыцын иҵегьы аҷкәынцәа. Абасала еиҿкаан ҳпартизантә отриад", — игәалаиршәоит Рамаз.

"Иааинырслан еиҿкаахаз ари аотриад Отаԥтәи аҳаԥы ааигәара игылан. Аамҭа-аамҭала ақырҭуа ар ахьгылаз ақәыларақәа мҩаԥаагон. Аԥхьатәи ҩба-хԥа мзы ҳаибашьра апартизантә форма аман. Нас еиҿкаахеит Аԥсны арратә мчрақәа. Ҳаԥхьаҟа ишьҭан шықәсык инацыз аибашьра амшқәа. Ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшын аиааирагьы", — иҳәеит иара.

1992 шықәса нанҳәа 14 рзы Қырҭтәыла амилаҭтә гвардиа, аихамҩа ахьчара ахьыӡҵаны, Аԥсны аҵакырадгьыл иалалеит. Аоперациа иалахәын ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа ар, 60 цыра абронетехника, артиллериа. Аоперациа хьыӡны иаман "Меч" ҳәа.

Аоккупантцәа хацәынмырха ирҿагылеит аԥсуа жәлар, Аԥсны иқәынхоз, аиаша иашьҭаз зегьы, ҳашьцәа Нхыҵаа. Аибашьра 413 мши-ҵхи ицон. Аиааира абираҟ 1993 шықәса цәыббра 30 рзы аҳәаа иахашәыршәырит.

Ажәабжьқәа зегьы
0