Аԥсадгьыл ануԥхьо: Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәалашәарақәа

© Foto / Сырма Ашәԥҳа́Аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспора аибашьцәа ргәыԥ
́Аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспора аибашьцәа ргәыԥ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз афырхацәа ргәалашәара амш аҽны Sputnik акорреспондент аибашьра аветеранцәа ргәалашәарақәа анылҵеит.

АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. 23 шықәса раԥхьа уажәааны, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа инарыгӡеит руалԥшьа. Аӷацәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит мраҭашәаратәи, мрагыларатәи афронтқәа рҟны ашьа зықәшуаз адгьыл. Иргеит Аиааира! Аха, ус имариамызт аибашьра амҩа анысра. Уи иацын хырԥашьа змамыз аԥсҭбарақәа. Аха, аԥсадгьыл хьчатәын. Ҳҭагылан ачҳареи агәаӷьреи зцыз аҽеидкылара аамҭа.

"Гагра анҭаҳарцәы, агәра ҳгеит Аиааира ҳара ишаҳгоз. Иарӷьажәҩаны иҳавагылан хатәгәаԥхарала иҳацеибашьуаз. Аиаша шәасҳәап, даара ҳгәамч дырӷәӷәон. Ҳажәҩахыр еибыҭаны, ҳаидгыланы ҳаԥсадгьыл ахьчараз иҳалшоз ҟаҳҵон. Иҳацәҭахаз маҷҩым. Анцәа иџьшьаны ҳаззықәԥоз алҵшәа аиуит", — игәалаиршәоит аибашьра аветеран, иахьа Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба.

Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ихамшҭыхәу рыцхәны ианхалеит нанҳәа 14. Ари амш еиднакылеит нырцәи-аарцәи зегьы. Еигәныуеит, рҽеидыркылоит ҳаибашьцәа. Аибашьра адәаҿы имаҷым аибашьҩы дзықәшәо ахҭысқәа.

Аԥсадгьыл ацәыӡра иацу ахьаа здыруаз аԥсуа хылҵшьҭра Зиуар Чычба

"Сара исгәалашәоит, аибашьра аамҭазы Ҭырқәтәылантәи иааз аҷкәынцәа абџьар ҳарҭаӡомызт. Ҷыдала иаҳзыҟан аҭыԥантәи аԥсуаа. Ак ҳахьыр ҳәа иҳахӡыӡаауан. Иҳалшоз ала ҳаԥсадгьыл ахьчара ҳазгылеит. Агәра ҳгон Аиааира ҳара ишаҳтәхоз. Аибашьра аамҭазы ҳшеидгылаз еиԥш, аҭынч ԥсҭазаара аҟны аиааирақәа ҳԥеиԥшзааит", — иҳәеит, аҭоурых ашьҭа дазхьаԥшуа, аибашьра аветеран Сенер Гогәуа.

"Ҳара иаҳдыруан Аԥсны ҳара ҳаԥсадгьыл шакәыз. Аибашьра ианалага жәамш ааҵуаны Ҭырқәтәылантәи сашьцәа срыдгыларазы сааит. Еицааз ҳахьтә, иҟоуп иҭахақәаз. Урҭ рыԥсадгьыл аҿы анышә иамоуп. Агәра ганы сыҟоуп рыԥсы шҭынчу", — дҳацәажәоит, иахьа зыԥсадгьыл аҿы инхо, аибашьра аветеран Рыдуан Агрба.

Заҟа иуадаҩузеи аибашьраҟны уҩыза данувыршьаауа. Аибашьҩы ихьаақәа ирхьаау, имчқәа ҩбазтәуа аӷа иҿаԥхьа-ашьоура. Доуҳала иӷәӷәоу, ахаҵара злоу аԥсуаа, уаҳа даҽакала рхы шԥамҩаԥыргоз, абџьар шьҭыхны Аԥсадгьыл ахьчарада.  Уи уалԥшьан ирыдын.

"Ҳаԥсадгьыл аӡәгьы иаҳҭаӡом. Аӷа  иҭыԥ дақәҳаршәоит. Аԥсны  аԥсуа идгьыл ауп. Ҳаԥсаанӡа уи ҳахьчалоит.  Иҭахаз ҳашьцәа рыԥсы ҭынчзааит", — иҳәоит  Ҭырқәтәылантәи еибашьра иааз Неџьаҭ Аргәын.

Иҭахаз аибашьҩы иан лзы, шаҟа ихьааузеи  аибашьра иацу ахҭысқәа ргәаларшәара. Урҭ рыҷкәынцәа рҳаҭгәынқәа ирықәҭәо рылаӷырӡ макьана имбаӡац.

"Арҭ амшқәа рзы ҳара хашҭра ҳазрықәым ҳаҷкәынцәа ирывагыланы еибашьуаз ҳџьынџьуаа, ҳашьцәа  Нхыҵаа, егьырҭ амилаҭқәа иреиуоу, зхы иамеигӡакәа ҳзыхьчаз зегьы. Аибашьра анцоз аамҭазы дара иааныркылоз аҭыԥ даара иӷәӷәан ҳиааира агараҿы. Рхымҩаԥгара еснагь ҳахаҵгылоит, хашҭра ақәымзааит рыхьӡ лашақәа", — ҳәа азгәалҭеит зԥа аибашьраҿы иҭахаз,  Аҟәа ақалақь анацәа рхеилак аиҳабы Гули Қьычԥҳа.

Аԥсҭазаара узынкылом, еснагь ԥхьаҟа ицоит. Иазхазааит аибашьра, инагӡахааит аҭынчра!

Ажәабжьқәа зегьы
0