Аԥсуа ҵарауаа амцаԥшьхәаҷа ишаҿагылаша рыԥшааит

© Sputnik Томас ТхайцукАшыц
Ашыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар иаҳзеиҭеиҳәеит амцаԥшьхәаҷа аҿагылара шыҟало атәы.

АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Амцаԥшьхәаҷа аҿагыларазы иаԥҵаз аусутә гәыԥ иалахәын Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аекологиа аинститути Аҟәатәи афизико-техникатә институти рхаҭарнакцәа. Урҭ аинновациатә технологиақәа рхы иархәаны иаԥырҵеит амцаԥшьхәаҷа здызыԥхьало аттрактант (адыԥхьалага фҩы зхылҵуа маҭәашьаруп). Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит аинститут адиректор Роман Дбар.

"Афатә аттрактант шьақәгылоуп ашыц абӷьыцқәа ирылху аекстрат ала. Ари аекстрактор иҷыдоу екстракторуп, иара аҵиаа шқәа рҵакыра амикроцәқәырԥала ахацҭыӡқәа архәашоит", — иҳәеит Дбар.

Амра анҭашәа ашьҭахь иаԥҵаз акыгахь икаԥыруа иалагеит ахьычԥаԥыр ҳәа еиҭеиҳәеит Дбар, аттрактант раԥхьатәи агәаҭара дазааҭгыло.

Бзыԥтәи аиҩхааҟны ашыц ахәышәтәра - Sputnik Аҧсны
Ашыц ықәызхуа амцаԥшьхәаҷа Бзыԥҭатәи аиҩхаанӡа инаӡеит

"Ари иалнаршоит аԥырхага ҟазҵо ахәаҷа имаҷу хышәа-ҵышәак аҟны аизгара. Иара знык еизганы иҟалар, иҷыдоу акыгақәа азурхиар алшоит, ахьычԥаԥыр уи рфоит иара уаҟагьы инҵәоит. Абасала ахәаҷақәа рхыԥхьаӡара еиҵахоит, акәтаӷь ҿыцгьы рызхҵом", — иҳәеит иара.

Ашыц ахьыҟоу зехьынџьара иргылахоит аҷабкаҭақәа. Арҭ акаҭақәа раԥҵараан Аинститут иацхраауан ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара "Аԥсабара" ҳәа азгәеиҭеит Дбар.

Убри адагьы, Аахыҵ Кавказ азы ЕС аофис ахаҭарнак Том Триер иԥылараан еилацәажәеит Аԥсныҟа даауеит ҳәа еицырдыруа европатәи аентомолог Марк Кенис – иҳәеит Дбар.

"Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара иҳалшоит ҳалацәажәарц Европеи, Китаии, Иапониеи асинтез ззырухьоу аттрактант аиура атәы. Иара аԥс абаӷь адыԥхьаларазы иоунашьҭуа афҩы ахуп. Ари аттрактант зегь аӡбоит ҳәа узҳәом аха ацхыраара ӷәӷәа шыҟанаҵоу ҩашьом", — азгәеиҭеит Дбар.

Адиректор ишеиҭеиҳәаз ала аекологиа Аинститут аусура ишаҿыц иаҿуп амцаԥшьхәаҷа ԥсабаратәла аӷацәа рыԥшааразы. Астудентцәа адәытә усурақәа мҩаԥыргоит: амцаԥшьхәаҷа еиуеиԥшым аамҭақәа раани урҭ анаҩстәи рхымҩаԥгашьеи иахылаԥшуеит.

Аусурақәа зегьы, Роман Дбар ишиҳәо ала имҩаԥысуеит аинститутқәа рхарџьқәа рыла.

Амцаԥшьхәаҷа, аеколог иажәақәа рыла, Аԥсны ашыц ахьыҟоу зехьынџьара иҟоуп. Ашьхаратә еиҩхаақәа рҟны макьаназы ицқьоуп.

"Ҳара макьаназы ҳақәгәыӷуеит аԥсабараҟны ишалшо ахәаҷа арҟәра. Убри азы иаҳгәиҭоуп убасеиԥш аҿагыларатә система ашьақәыргылара, ашыцрақәа еиқәҳархартә еиԥш. Уа иҟоу аекосистема ахәаҷа иаҿагылартә еиԥш иҟаҳҵароуп", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Ашыц, ижәытәӡатәиу ҵиаак аҳасабала иамоуп ахатәы хеиқәырхашьақәа. Бӷьыда ианынхалакгьы афотосинтез шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит, ацәаҵаҟа ишыҟац иаанхоит ахлорофилтә каҭақәа. Шықәсык аҟынӡа бӷьыда инхар шауагьы наҟ-наҟ аҵиаа ԥсуеит ицәырнаго абӷььыцқәа узеиқәмырхар ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит аеколог.

Пицундатәи аҳәырԥсарраҟны, Бзыԥтәи аиҩхааҟны, Шәҟәырчатәи аҳәырԥсарраҟны, ақалақь апаркқәа рҟны уҳәа ашыц ахимиатә хәшәқәа рыла ахәышәтәра ишаҿыц иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0