Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" ахәыҷқәа ашкол ахь рышьҭра иацхраауеит

© Sputnik Томас ТхайцукАканцтауарқәа
Аканцтауарқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" гәҭакны иамоуп "Насыԥ зцу сентиабр 1" акциа аҳәаақәа ирҭакны 50-ҩык рҟынӡа раԥхьаӡа акәны ашкол ахь ицо ахәҷқәа ирыцхраарц. Иахьазы 20 инарзынаԥшуа ашәырақәеи аканцелиариатә тауарқәеи ирзыԥшыз рнапаҟны иддыркхьеит.

АҞӘА, нанҳәа 20 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" ирыланаҳәеит акциа "Насыԥ зцу сентиабр 1". Иара хықәкыс иамоуп ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа рҟны актәи акласс ахь ахәыҷқәа разырхиара ацхраара. Абри атәы ҳзаалыцҳаит аидгыла анагӡаратә директор Кама Гоԥиаԥҳа.

"Актәи акласс ахь ахәыҷы идәықәҵара даара иуадаҩуп. Ашколтә форма имазаргьы, ашәҟәқәа изаархәахьазаргьы – ашәыра аиқәыршәара мацара ҩ-нызқь мааҭ иреиҵахом. Убри азы иҳаӡбеит абри аҩыза акциа амҩаԥгара", — ҳәа азгәалҭеит Кама Гоԥиаԥҳа.

Уажәазы аиҿкаара еиднакылахьеит 20 шәыра аконцелиариатә тауарқәа рҭаҵаны. Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп 50 ҭаацәара ацхыраара рыҭара.

"Ҭаацәарақәак рҟны ҳара иҳалҳаршеит актәи акласс ахь ицо рымацара ракәымкәа инеиҳаугьы рыцхраара. Уи адагьы ауаа ҳара иҳзааргоит амаҭәа, абзазаратә техника. Заалыҵ маҷу аҭаацәарақәа аофис аҟны иааины, урҭ рҟынтәи ирҭаху алырхуеит", — лҳәеит Кама Гоԥиаԥҳа.

"Кьараз" ааԥхьара ҟанаҵоит Аԥсны ауааԥсыра рахь излалшо ала ацхыраара ҟарҵарц.

"Сара еилыскаауеит уи шыуадаҩу, аха ухәыҷы изы жәа-каламк анааухәо даҽаӡәы изы акы аахәара алшоит, сентиабр 1 ныҳәак иаҩызахарц азы", — лҳәеит лара.

Аиҿкаара "Кьараз" раԥхьаӡа ианаацәырҵ амаҭәеизгара иалагеит Facebook ахархәарала. Уажәы дара аус рыцыруеит ақыҭақәа рхадарацәа, ауаажәларратә активистцәа. Агәыҳалалратә еиҿкаара иалахәуп 15-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0