Мариам Мерабовеи агәыԥ "Мираифи" рконцерт Аҟәа имҩаԥысит

© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт Мариам Мерабовой и группы "Мирайф"
Концерт Мариам Мерабовой и группы Мирайф - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәаҳәаҩ Мариам Мерабовеи агәыԥ "Мираифи" аԥсуа зыӡырыҩцәа рҿаԥхьа иқәгылеит.

АҞӘА, нанҳәа 22 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ашоу "Голос" афиналистка Мариам Мерабовеи агәыԥ "Мираифи" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны иқәгылеит ахәаша, нанҳәа 21 рзы.

"Аԥсны аҽаџьара ирыламҩашьо азыӡырыҩцәа ыҟоуп. Сара сҭаацәеи сареи ара ҳаҟоуижьҭеи абар шьҭа мызк ҵуеит. Сара саныхәыҷыз ԥсшьара ҳәа саахьааргалоз схәыҷқәагьы ишәсырбоит ҳәа иақәсыргәыӷхьан. Арантәи аӡәгьы ацара иҭахӡам уажәы", — лҳәеит Мерабова.

Апрограмма иалан еицырдыруа аџьаз ашәақәа, автортә композициақәа, хаҭала, Армен Мерабов икомпозициа "Самбо жизни", иара убасгьы Цветаева лажәеинраала иалху ашәа "Реквием".

"Ҳара лассы-лассы арахь ҳзаауам, аха сгәы иаанагоит ԥхьаҟа уи ҳариашап ҳәа. Уажәы ишәыдаагаларц ҳаӡбеит ҳара ҳхаҭақәа бзиа иаабо ашәақәа – аоркестровка ззаауз аџьаз, автортә ԥҵамҭақәа, апроект "Голос" ала ахәаԥшцәа бзиа еицырбаз ашәақәа", — азгәалҭеит Мерабова.

© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт Мариам Мерабовой и группы "Мирайф" .
1/2
Концерт Мариам Мерабовой и группы "Мирайф" .
© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт Мариам Мерабовой и группы "Мирайф" .
2/2
Концерт Мариам Мерабовой и группы "Мирайф" .
1/2
Концерт Мариам Мерабовой и группы "Мирайф" .
2/2
Концерт Мариам Мерабовой и группы "Мирайф" .

Агәыԥ "Мираиф" иаланы иқәгылон Армен Мерабов –аклавишқәа, Манук Газариан – аклавишқәа, Антон Горбунов – абас, Леонид Бирзович – агитара, Игнат Кравцов – абарабанқәа.

Аконцерт ахь иҷыдоу сасны дааԥхьан аԥсуа шәаҳәаҩ Мадина Кәарацхьелиаԥҳа. Мадинеи Мариами еицырҳәеит Мишель Легран иашәа "How you keep the music playing".

Аконцерт ашьҭахь ахәаԥшыҩцәа ргәаанагарақәа ҳацеиҩыршеит:

"Аконцерт иснаҭаз анырра оумашәа игәырҭәыгоуп. Ҳара аџьаз бзиа иаабоит, ҳара Мариам бзиа даабоит. Ҳәарада иаҳгәаԥхеит ашәа "Реквием", Арно Бабаджаниан икомпозициа", — азгәалҭеит Аҟәа инхо ахәаԥшҩы.

Амузыкантцәа ренергетика ҳацеиҩыршеит ҳәа азылыԥхьаӡоит ахәаԥшҩы Иулиа Тимошенко.

"Сара уаанӡа исыздырамызт Мариам Мерабова лҟазара. Иахьазы даара агәеизҳара соуит. Сара хымԥада лашәақәа зегьы сыԥшаауеит еиҭах изныкымкәа сырзыӡырҩырц", — азгәалҭеит лара.

Мариам Мерабова Москватәи Гнессинаа рыхьӡ зху Академиаҟны аџьаз вокал лҵон. Изныкымкәа еиуеиԥшым аконцертқәа, апроектқәа (Jazz Parking,) дрылахәхахьан, агәыԥ "Мираиф" далахәылоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0