Гагратәи ашкол аҿы иазгәарҭеит аҵарадырра амши ашкол 45 шықәса ахыҵреи

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ашкол аҿы иазгәарҭеит аҵарадырра амши ашкол 45 шықәса ахыҵреи
Гагратәи ашкол аҿы иазгәарҭеит аҵарадырра амши ашкол 45 шықәса ахыҵреи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 1, аҵарадырра амш аҽны 47-ҩык актәи акласс аҵаҩцәа раԥхьаӡа акәны ршьаҿа еихыргеит Гагратәи абжьаратәи аԥсуа школ ахь.

ГАГРА, цәыббра 2 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ашкол ашҭаҿы ацәаҳәа иаша иқәгылеит 370-ҩык аҵаҩцәа. Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн арҳәауа ишьҭыхын абираҟ, уи алагьы иаартын аныҳәа аофициалтә хәҭа.

Аҵаҩцәеи аҭаацәеи арҵаҩратә еилазаареи аҵарашықәс ҿыц рыдырныҳәаларц арахь имҩахыҵит Гагра араион Ахадара аиҳабы Беслан Барцыц, Аԥсны Жәлар реизареи Гагра араионтә Еизареи адепутатцәа, Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар.

Аҟәатәи ашколқәа актәи акласс ахь ирыдыркылеит 800-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа

"Ҳаҭыр зқәу ҳныҳәатә цәаҳәа зхы алазырхәыз! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит аҵарадырра амш ныҳәа. Раԥхьаӡакәны аԥсуа школ ахь зшьаҿа еихызгаз ахәыҷқәа ишәзеиӷьасшьоит аҵарамш шәҵарц, шәаԥхьаҟа Аԥсны ахьӡ ҭызго ҵеицәаны шәазгыларц. Гагратәи актәи ашкол еснагь аԥхьагылара аман, агәра згоит ари аҭыӡқәа рҟны аҵара ааӡаратә процесс знапы алакыу, ишрылдыршо актәи ашкол иамоу аԥхьагылара ахырхарҭақәа зегьы рҟны ахәыҷқәа иаадырԥшыртә еиԥш аус шрыдыруло. Аҭаацәа шәакәзар иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, иахьатәи аԥсуа школ аҭагылазаашьа шәхахьы иаамгакәа шәхәыҷқәа аԥсуа школ иахьавжәымгаз. Агәра шәсыргоит, ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ аҟны аҵара шықәс ҿыц иҵыхәтәантәины ҳшаԥыло", — аҵара аҟәша ахьӡала еизаз зегьы аҵарадырра амш рыдиныҳәалеит аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар.

Иазгәаҭатәуп, сынтәатәи аҵарашықәс ҿыц аламҭалаз аԥсуа школ анапхгараҟны аиҭакрақәа шыҟалаз. Ҩажәа шықәса инеиԥынкыланы ашкол адиректорс иҟаз Татиана Гьаргь-иԥҳа Мықәба хаҭала илҩыз арзаҳал инақәыршәаны лмаҵраҟнытә лхы дақәиҭтәуп, лара лхаҭыԥан ашкол напхгара алҭоит Хана Владимир-иԥҳа Гәынба.

Хана Гәынба далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аҭоурыхтә факультет, иара убас аспирантура.

Гагра араион Ахадареи аҵара аҟәшеи рыхьӡала акыр шықәса аԥсуа школ напхгара азҭоз Татиана Мықәба лааԥсаразы иҭабуп ҳәа лаҳәан, иланашьан агәаларшәагатә ҳамҭа.

Ацхыраагӡатә школ ахәыҷқәа 13-ҩык рзы раԥхьатәи аҵәҵәабжьы геит

Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аҭаацәеи ракәзаргьы рылаӷырӡ рҿықәҳәҳә Татиана Гьаргь-иԥҳа акыр шықәсатәи лааԥсаразы аџьшьара лырҭеит.

Лара лыхәҭакахьала еизаз зегьы ирыдылныҳәалеит аҵарадырра амш. Ирзеиӷьалшьеит ақәҿиарақәеи аманшәалареи. Татиана Мықәба аҭагылазаашьа лхы иархәаны лааԥсара ахә зшьаз иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

"Цәыббра 1, 1970 шықәсазы Гагра ақалақь аҟны иит аԥсуа школ. Сынтәа иара иахыҵит 45 шықәса. Хаҭалагьы раԥхьатәи аушьҭымҭацәа среиуоуп. Убри аҟнытә ари ашкол сыԥсҭазаара иузаҟәымҭхуа иадҳәалоуп. Иахьатәи аҭоурыхтә хҭыс шәыдныҳәало аҵаҩцәа ишәзеиӷьасшьоит аҵараҿы ақәҿиара дуқәа. Иара убас ишәыдысныҳәалоит шәышкол гәакьа аиубилеитә рыцхә" — лажәа иацылҵеит Татиана Мықәба.

Татиана Мықәба аԥсуа школ аҟны зынӡа аус луит 35 шықәса. Лара имҩаԥылгон аурыс бызшәеи алитературеи амаҭәар, ԥхьаҟагьы арҵаҩратә ус лнапы алакзаауеит.

1970 шықәсазы, Гагра ақалақь аԥсуа школ анаартха раԥхьаӡа напхгара аиҭон Чынчор Агрба, анаҩс хадара азиуан иахьа ашкол зыхьӡ ахыу, уи аргылареи аартреи иазықәԥоз Ҳараз Чамагәуа. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь ҩышықәса инеиԥынкыланы аԥсуа школ директорс даман Илиа Канџьариа. 1995 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа Гагратәи актәи абжьаратәи ашкол напхгара алҭон Татиана Мықәба.

Ашкол адиректор ҿыц Хана Гәынба ажәахә ҟаҵо иҭабуп ҳәа ралҳәеит лыгәра ганы ари аҭакԥхықәра ду зцу амаҵура лнапы ианызҵаз. Агәрагарагьы аалырԥшит ԥасатәи адиректор Татиана Мықәбеи арҵаҩратә еилазаареи аҭаацәеи лус анагӡараҿы ацхыраареи авагылареи шлырҭо.

"Иахьа аԥсуа школ ашҭаҿы еиднагылаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит. Аҵаҩцәа ишәзеиӷьасшьоит аҵарамш шәҵарц, шәҭаацәеи шәырҵаҩцәеи рааԥсара ахә ашьара шәҽақәшәыршәарц. Арҵаҩцәа ишәзеиӷьасшьоит азанааҭтә қәҿиарақәа, ачҳара, аманшәалара", — азгәалҭеит Гәынба.

Анаҩс ашкол ашҭаҿы еизаз зегьы аҵарадырра амш рыдиныҳәалеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Беслан Барцыц.

Ақыҭа школқәа реиҵакра азҵаара иалацәажәеит Гагра араион ахадараҟны

"Хаҭыр зқәу аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа! Ишәыдысныҳәалоит аҵара шықәс ҿыц. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит аилкаара аарԥшны, ҳмилаҭ школ аҭагылазаашьа еилкааны арахь шәшьаҿақәа ахьеихыжәгаз. Ҳаԥсуа школ аиқәырхара шәара шәнапы иануп. Сыхәҭакахьала агәра шәсыргоит ҩышықәса ирылагӡаны араҟа аԥсуа хәыҷқәа рзы ашә шаанарто ашкол ҿыц. Шәагымз Аԥсны! Шьапымшла аҵарадырра амҩахь", — азеиӷьашьарақәа ҟаҵо иҳәеит араион Ахада.

Аофициалтә ҟәша ашьҭахь игеит раԥхьатәи аҵәҵәабжьы.

Ашколхәыҷқәа гәырӷьаҵәа еицлабны доусы рыклассқәа ирыҩналеит.

Гагра араион аҟны сынтәа 21 школ рцынхәрас аҵаратә процесс ирылагеит 17 школ рҟны, егьырҭ ԥшьба рҿы аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьмаҷыз инамаданы аиҵакра апрограмма иақәшәеит.

Зынӡа Гагра араион ашколқәа рҟны аҵара рҵоит 4500-ҩык ахәчқәа. Ашколқәа зегьы аҵаратә процесс иазыхиоуп, еиқәшәоуп иахәҭоу акадрқәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0