Аҳәынҭқарратә музеи аҟны Кавказ жәлар рнапҟазара ацәыргақәҵа хыркәшоуп

© Sputnik Томас ТхайцукЗакрытие выставки в госмузее
Закрытие выставки в госмузее - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахыбраҟны имҩаԥысуаз Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа аусура хнаркәшеит.

АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахыбраҟны имҩаԥысуаз, Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа аусура хнаркәшеит ахәаша, цәыббра25 рзы.

"Аԥсҭазаараҟны абзиа ирласны инҵәоит. Убас, ҳара ҳцәыргақәҵагьы аҭааҩцәа агәырӷьара ду шырнаҭозгьы ахыркәшарахь инеиит. Азин сышәҭ еиҭахгьы Ҭырқәтәыла иҟоу ҳаԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, абарҭ анапкымҭа ссирқәа арахь иаҳзаазгаз, иҭабуп ҳәа шәаҳәара", — иҳәеит аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьапуа.

Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә напкымҭа ацәыргақәҵа еиҿыркааит ҭырқәтәылатәи Акультуреи аҵареи Рфонд "Шамил", иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи. Ацәыргақәҵа хықәкны иаман иаҳцәыӡхьоу кавказтәи амилаҭтә напкымҭақәа реиҭарҿыцра, еиҭах аԥсҭазаара иҿыцны аларҵәара.

Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаатит

"Ҳара иҳадыжәгалеит иуникалтәу аколлекциа, еиҭашьақәшәыргылеит аԥсуа орнамент хкқәа. Сара сгәы иаанагоит амузеии, Акультура аминистрреи, Аԥсны анапхгареи ирылшо зегь ҟарҵароуп ҳәа ҳкультуреи, ҳетнографиеи, ҳҭоурыхи ирыдҳәалоу артефактқәа реиқәырхаразы", — ҳәа азгәеиҭеит аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхара адепартамент аиҳабы Баҭал Кәабахьиа.

Иара игәаанагарала артефактқәа рыҭҵаареи реизгареи рзы иахәҭоуп адәтәы усурақәа рымҩаԥгара.

Ацәыргақәҵаҟны идырбан шәи ҩынҩыжәижәаба инареиҳаны усумҭа. Еиҿкаан амастер-классқәа.

Ацәыргақәҵа аусура азкын Аԥсны жәлар аибашьраҟны риааира амшныҳәа ду.

Ажәабжьқәа зегьы
0