Амшын аԥшаҳәаҟны имҩаԥысит "Илахҿыху астартқәа"

© Sputnik Томас Тхайцук"Илахҿыху астартқәа"
Илахҿыху астартқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аицлабра "Илахҿыху астартқәа" рхы аладырхәит Аҟәатәи ашколқәа рыбжьара имҩаԥысуаз XIV аспартакиадаҟны иаиааизи аԥхьахәқәа занашьахази аспортсменцәа қәыԥшцәа.

АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра амшныҳәазы Аҟәа Ахадара аҵара Аусбарҭа еиҿнакааит ашколхәыҷқәа рыбжьара "Илахҿыху астартқәа" захьӡыз аицлабра.

"Аџьынџьтәылатә еибашьра ҳажәлар рзы даара иуадаҩыз ԥышәарахеит. Аха ҳажәлар ирылшеит аӷа цәгьа ииааира. Шәара, иахьа еиҵагылаз аҿар, ҳажәлари ҳаԥсадгьыли рзы шәҵәатәы шьаҟаны шәҟалароуп. Убри азы шәара ишәылааӡазароуп аламыс, амчра, ахаҵара, ахшыҩ ҵар", — ҳәа азгәалҭеит Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа аицлабрақәа аартуа.

Ашколхәыҷқәа гәацԥыҳәарыла имҩаԥыргеит аицлабрақәа.

"Ҳара иазаҳаԥхьаӡеит абри амш ахәыҷқәа рызгьы иныҳәаны амҩаԥгара. Иаҳҭахуп иара иалахәу зегьы ргәалашәараҟны иаанхарц ари аусмҩаԥгатә. Дарбанызаалак хәыҷык ҳамҭада даанхом" ҳәа ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара абаҩырҵәыреи аспорти рзы Анапхгараҭара азанааҭуаҩ хада Татиана Емхааԥҳа.

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраҟны иҭахаз ргәаладыршәеит Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны

Аицлабрақәа рыдагьы аиҿкааҩцәа зегьы иахьырбашаз астенд дыргылеит, уаҟа иқәыргылан Аиааира амш иазкны ашколхәыҷқәа иҟарҵаз аҭыхымҭақәа. Уи адагьы ахәыҷқәа акаҭран аҟынгьы асахьақәа ҭырхуан. Ҳәарада итема хаданы ирымаз Аиааира аныҳәа акәын.

Аицлабра "Илахҿыху астартқәа" рхы аладырхәит Аҟәатәи ашколқәа рыбжьара имҩаԥысуаз XIV аспартакиадаҟны иаиааизи аԥхьахәқәа занашьахази аспортсменцәа қәыԥшцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0