Аԥсны акьыбачымазаратә центр ахь иаагоуп ашәахәатә терапиа аппарат

© Sputnik Томас ТхайцукАҳақьым Лев Аргәын
Аҳақьым Лев Аргәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳақьым хада Лев Аргәын иажәақәа рыла, ашәахәатә терапиа аппарат аҳәаанырцәҟа аҽыхәышәтәразы ицо рхыԥхьаӡара иагнархоит.

АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны акьыбачымазаратә центр ахь иаагоуп ашәахәатә терапиа аппарат ҿыц ҳәа ҳзааицҳаит ацентр аҳақьым хада Лев Аргәын.

"Аппарат иалнаршоит зжьы-зцәа акьыбачымазара амоу ауаа реиԥш еиуеиԥшым акьыба зхьу аорганқәа рыхәышәтәразгьы ахархәара. Абри аппарат ала ҳара иҳалшоит акьыбачымазара змоу ҳчымазцәа рҟынтәи 30 процент рҟынӡа рыхәышәтәра", — иҳәеит Аргәын.

Акьыбачымазаратә центр аҳақьым хада иажәақәа рыла, 1999 шықәсазы ацентр аҟны иқәыргылан ари аҩыза аппарат. Уи жәашықәса инарзынаԥшуа аус ауит.

"Ҵыԥх, ацентр акапиталтә ремонт аназуха ашьҭахь ҳара азыҳәа ҟаҳҵеит абри аҩыза аппарат ҳзықәдыргыларц. Мчыбжьык уажәаԥхьа аппарат ҳзааргеит. Ҳара иаҳуалуп атәыла ауааԥсыра ҽыхәышәтәра ҳәа аҳәаанхыҵҟа имцакәа ара рҽырхәышәтәлартә еиԥш аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара. Зегьы еицырдыруеит уахь ацара иацу афинанстәи абзазаратәи проблемақәа шырацәоу", — азгәеиҭеит Лев Аргәын.

Атерапевт Ольга Антониук иазгәалҭеит, ари аппарат уаанӡатәи аасҭа акырынтә ишеиӷьу.

"Ажәытәтәи аппарат аҟны ҳара иҳалшомызт агәыԥҳәы ишахәҭоу еиԥш ашәахәақәа рақәырԥхара, уажәы акьыба аҽарԥсаҟьахьазаргьы иҳалшоит инарҵауланы ашәахәақәырԥхара. Аппарат амчра дууп. Хышықәса абри аҩыза аппарат ада аус аауан, ачымазцәагьы даара иазыԥшын", — лҳәеит Антониук.

Аԥсны ауааԥсыра рыгәҭа агәыхь чыммазара ашьҭахь ирылаҵәаны иҟоуп акьыбачымазара. Ахацәа рҟны еиҳарак иара ахы цәырнагоит арыԥҳҳақәа рҟны, аҳәса рыбжьара – агәыԥҳәы аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0