Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" Аиааира амш иадҳәалахоит

© Sputnik Леон Гуния"Иҭыхым аибашьцәа"
Иҭыхым аибашьцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурқәа рҟны ицәыргахоит асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа аибашьраантәи иҭыхымҭақәа, иара убас уи ифырхацәа ирызку аочеркқәа.

АҞӘА, цәыббра 28- Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира 22 шықәса аҵра инадҳәаланы, Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурқәа рҟны ицәыргахоит асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа аибашьраантәи иҭыхымҭақәа, иркьыԥхьуеит уи ифырхацәа ирызку аочеркқәа.

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраҟны иҭахаз ргәаладыршәеит Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны

Амультимедиитә хаб Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Инал Лазба ишиҳәаз ала, амедиа-ҵакыраҟны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых ахы акит аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны. Ажурналистцәеи аоператорцәеи рхы мшаҭакәа иаԥырҵон аибашьра ахроника. Уи иалнаршеит аԥсуаа ҳатрагедиа адунеи ардырра, иалнаршеит хыи-ԥси ирмеигӡакәа аӷа иҿагылаз ҳаҷкәынцәа хьӡырҳәагақәа рыхьӡқәа аҭоурых разныжьра. Иахьа, аинформациатә агентра қәыԥш Sputnik Абхазиа иаӡбеит усҟантәи аамҭақәа рыхҭысқәа ауаатәыҩса ргәалашәараҟны иаанхартә еиԥш амҩаԥгара ахы аланархәырц иҳәеит Лазба.

"Ара ицәыргахоит еиуеиԥшым ауаатәыҩсатә ҭоурыхқәа – дара аибашьцәа, урҭ рҭаацәарақәа, рҩызцәа, рықәлацәа реиҭаҳәамҭақәа", — азгәеиҭеит Инал Лазба.

Иара иажәақәа рыла ҳажәлар рфырхаҵара аҭоурых аиқәырхара, ахамшҭра роуп иалзыршо еиҵагыло аҿар иҳаҩсхьоу ҳҭоурых разхьарԥшра. Зықьҩыла аԥсҭазаарақәа зыхҭнырҵаз ахықәкы иалнаршароуп ԥхьаҟатәи анасыԥ лаша аргылара, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш аҟазаара – инаҵшьны иазгәеиҭеит Лазба.

Амультимедиатә хаб апродиусор Амина Лазԥҳа ишазгәалҭаз ала апроект ахьӡ "Иҭыхым аибашьцәа" иунарбоит арҭ афырхацәа аԥсҭазаараҿы ишыҟаҵәҟьаз, урҭ иахьагьы ишҳалагылоу.

"Руслан Габлиа ифотопортреҭқәа рҟны иааирԥшуа ауаа реиҳараҩык ҳара иҳалагылоуп. Урҭ рҟынтәи аӡәырҩы иахьатәи амш аҟынӡа изымааӡеит аха иаанхеит дара рҭоурыхқәа. Убри ауп ҳаргьы еиҭаҳҳәарц иаҳҭаху. Ари апроект аԥсҭазаареи, аибашьреи, ҳаамҭа афырхацәеи ирызкуп. Асахьаҭыхҩы аибашьцәа рымацарагь ракәымкәа рсахьақәа ҭихуан анацәа, абацәа, амедеҳәшьцәа", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Лазԥҳа лажәақәа рыла, Руслан Габлиа исахьақәа рцәыргара аидеиа шықәсқәак раԥхьа илызцәырҵит.

"Аибашьраа аамҭа иатәу Руслан Габлиа исахьақәа рколлекциа сара избеит шықәсқәак раԥхьа. Иара убасҟанҵәҟьа исҭаххеит инарҭбааны ауаа дырбара, уи адагьы уа зсахьа арбоу ауаа рҭоурыхқәагьы дырдырра", — азгәалҭеит Лазԥҳа.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира 22 шықәса аҵра инадҳәаланы, Аинформациатә агентра Sputnik Абхазиа апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аусура иалагоит цәыббра 30 рзы. Аиааира амш аҽны икьыԥхьхоит раԥхьатәи, асахьаҭыхҩы ифырхацәа руаӡәык иҭоурых. Апроект аҳәаақәа ирҭакны, ажьҭаарамза зегьы апортал аресурқәа рҟны ицәыргахоит асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа аибашьраантәи иҭыхымҭақәа, иркьыԥхьуеит уи ифырхацәа ирызку аочеркқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0