Вадим Матуа иганахьала ашьаус ахыртра ахьынӡаиашоу еиҭахәаԥшраны иҟоуп

© Sputnik Роберт ДжопуаВадим Матуа в суде
Вадим Матуа в суде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахашшааратә ӡбарҭа ишьақәнаргылеит Вадим Матуа иганахьала ашьаус ахыртра азакәантә шьаҭа амазаара аиҭахәаԥшра ахәҭоуп ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 2 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥшьаша, жьҭаара 1 азы, Аԥсны ахашшааратә ӡбарҭа ишьақәнаргылеит ЗҲәА "Аладатәи аргыларатә компаниа" адиректор Вадим Матуеи анџьныр Анатоли Кожакови рганахьала ашьаус ахыртра азакәантә шьаҭа амазаара аиҭахәаԥшра ахәҭаны иҟоуп ҳәа.

"Вадим Матуеи Анатоли Кожакови рдукатцәа Лазбеи Ҷанбеи рышшыԥхьыӡ инақәыршәаны Аԥсны Апрокуратура хада ашьаус-ӡбарҭатә усбарҭа апрокурор Амҷба ихашшааратә нашьҭрала ашшыԥхьыӡ ахәҭак иақәшаҳаҭуп. Ашшратә қәҵара аԥыхны ахылаԥшра-ӡбарҭатә материалқәа Аҟәа ақалақь аӡбарҭахь ҿыцны ахәаԥшразы инашьҭуп. Аӡбаҩцәа реилазаара еиҭакуп", — ҳәа аҳәоит Ахашшааратә коллегиа иаднакылаз ақәҵараҟны.

Вадим Матуа идукат Фрида Лазԥҳа лажәақәа рыла, Ахашшааратә коллегиа аилатәара алагамҭаз Матуа ҩыџьа аӡбаҩцәа, Заур Аџьынџьали Роман Кәарҷиеи, мап рцәикит.

Вамим Матуа иҭакра ҩажәамшынӡа иагырхоуп - Sputnik Аҧсны
Вадим Матуа иҭакра ҩажәамшынӡа иагырхоуп

"Матуа асеиԥш зыҟаиҵаз, аӡбаҩ Аџьынџьал изинмчрақәа рыҿҳәара иахыԥахьеит. Иара еиҭах ӡбаҩыс иҟаҵара атәыла Ахадеи Апарламенти ирыӡбароуп. Аиҳабыратә мчрақәа Матуа ахара идуп ҳәа дрыԥхьаӡоит, иаргьы урҭ ражәа дадгылоит", — ҳәа ҳаиллыркааит Лазԥҳа.

Ахашшааратә коллегиа реилацәажәара ашьҭахь аӡбра рыдыркылеит ашшыԥхьыӡ мап ацәыркырц.

2015 шықәса рашәара 25 рзы ареспублика Апрокуратура хада аусҭҵааҩ ашьаус хациркит Вадим Матуеи Анатоли Кожакови рганахьала. Ахара здыз Гәдоуҭа ақалақь аҟны идыргылаз ахәыҷбаҳча аргылараан аԥҟаррақәа ирықәымныҟәеит ҳәа азырыԥхьаӡеит. Ахара зду рдукатцәа ашьаус ахацыркра иахашшааит. 2015 шықәса ԥхынгәы 7 рзы ашшыԥхьыӡ иахәаԥшны аӡбарҭа ишьақәнаргылеит аусҭҵааҩ диашамызт ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0