Давид Мигариан Москва раԥхьатәи ацхыраара иҭоуп

© Sputnik Томас ТхайцукДавид Магарян
Давид Магарян - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәамзазы Давид Магариан ихәышәтәразы еизган аԥара, цәыббрамзазы ахәыҷы Москватәи аклиникаҟны ахәышәтәратә курс хиркәшеит.

АҞӘА, жьҭаара 3 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Нанҳәамзазы Давид Магариан ихәышәтәразы еизган 199 740 нызқь мааҭ аԥара, цәыббрамзазы ахәыҷы ахәышәтәратә курс хиркәшеит ҳәа ҳзаанацҳаит Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана".

Давид Магариан хәыҷы ҳацхыраара иҭахуп

Ишәгәалаҳаршәоит, Давид дани нахыс игәабзиара шуашәшәыраз. Иара данныҟәо ишьапы иҵишьуеит, иарыӷьарахь адабла имоуп.

Акультура-гәыҳалалратә фонд ишаанацҳауала ахәыҷы ахәышәтәырҭахь ишьҭра хықәкны иаман иарӷьа напи иарӷьа шьапи русура аиӷьтәра, иныҟәашәа аҭышәныртәалара.

Давид иан Сиузана Саакиан лажәақәа рыла ахәышәтәра актәи акурс иалнаршеит ахықәкы ахәҭак анагӡара.

"Ахәышәтәра аԥхьатәи амш инаркны иубартә иҟалеит аиӷьрақәа", — лҳәеит Сиузанна.

Аҳақьым Елена Малахова иазгәалҭеит Давид хәыҷ игәабзиара маҷ-маҷ аиӷьхара ишалаго.

"Аҷкәын иҩызцәа зегь реиԥш дҟалар илшоит", — азгәалҭеит лара.

4-5 мзы рышьҭахь ахәыҷы Москваҟа деиҭацароуп ихәышәтәра иациҵарц азы.

"Иара аҽа курск дахысроуп. Ҳара еиҭах ауаа Давид хәыҷы ипроблема иазхьаҳарԥшыроуп. Агәраа аагоит ҳаидгылны иҳалшап ҳәа ауаажәларратә еилазаара даҽа уаҩԥсык дацаҳҵап ҳәа", — лҳәеит Акультура-гәыҳалалратә фонд аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа.

Давид иҭаацәа акциа "Аԥсҭазаара еицеиқәҳархап" зҽалазырхәыз зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәоит. Дара агәра ргоит абзиара шьҭахьҟа ишыхынҳәуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0