Аҳәынҭқарратә музеи афонд иаиуит иуникалу артефакт

© Sputnik Анжелика БенияКожаное мужское седло с серебряными украшениями, изготовленное в 1907 году.
Кожаное мужское седло с серебряными украшениями, изготовленное в 1907 году. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә музеи афонд иаиуит иуникалу артефакт – раӡны ҟәынала ихырку, асахҭан иалху ахаҵа кәадыр.

АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аҳәынҭқарратә музеи афонд иаҭоуп иуникалу артефакт – 1907 шықәса рзы иҟаҵаз, раӡны ҟәынала ихырку, ацәа иалху ахаҵа кәадыр ҳәа ҳзаалыцҳаит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аиҳабы Белла Қьецԥҳа.

Амузеи аусзуҩ илҳәеит, артефакт Акультура аминистрра иаанахәеит Кәтол ақыҭа анхаҩы Леонид Чагәаа иҟны ҳәа.

Лара лажәақәа рыла, акәадыр бзианы еиқәхеит, ахәҭақәа зегьы ацуп.

"Ҳара ҭабуп ҳәа ҳҳәоит Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра иҳанаҭаз ацхырааразы. Ҳмузеи аҟны иҟоуп акәадырқәа рацәаны, аха асеиԥш зегь рыла еиқәшәоу раԥхьаӡа акәны иааҳхәеит. Иара цәа-лыхуп, 200 инарзынаԥшуа раӡны рԥшӡага амоуп. Асеиԥш иҟоу артефактқәа рыԥшаара акыр иуадаҩуп", — лҳәеит Қьецԥҳа.

Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара адепартамент аиҳабы Баҭал Кәабахьиа иазгәеиҭеит амузеи иаиуз артефакт ахә ҳаракы.

"Ари — амузеи азы акыр зҵазкуа аахәамҭоуп. Иара ахә акырӡа ишеиҳаугьы, ҳара иааҳхәеит 400 нызқь мааҭ ҳәа. Акомплект ахәҭақәак изхатәыз хәыда-ԥсада амузеи ҳамҭас еиҭеит", — иҳәеит иара.

Старший научный сотрудник Отдела этнологии Абхазского государственного музея, этнолог Инга Шамба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Инга Шамԥҳа: раԥхьаӡа акәны аԥҳәыс хҭырԥа ахьызба Мгәыӡырхәа ақыҭаноуп

Адепартамент аиҳабы Баҭал Кәабахьиа Аԥсны атәылауаа рахь аҳәара ҟаиҵеит:

"Аибашьраан ирацәоуп Аԥсны иалган игаз артефактқәа. Ирацәоуп иӡыз. Лассы Аԥсныҟа идырхынҳәраны иҟоуп аныхачаԥақәа. Ҳәарада иҟоуп ҷыдала аҭаацәа рҭоурых иадҳәало амаҭәарқәа аха урҭ амузеи ахь инагахар ԥхьаҟатәи рԥеиԥш азы еиӷьуп. Еиҵагыло абиԥарақәа ирзынхоит. Ҳара иаҳҳәом ус иҳашәҭ ҳәа, ҳара ҳазыхиоуп урҭ раахәара", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит акәадыр иран-аҷаратәи хылҵшьҭра шамоугьы, Аԥсназы аҵакы шдуу, аҭоурыхтә ҟазшьа шамоу.

"Акәадыр аахәан ХХ ашәышықәса алагамҭаз. Иара ахьыҟаҵаз акәӡам ихадароу, аҭоурых ахьхацыркхаз Аԥсноуп", — иҳәеит иара.

Ацәа еиқәаҵәа иалху акәадыр иацуп абалышь, абаҩ, ахырхха. Урҭ зегьы раӡныла ихыркуп. Абаҩ агәҭа ицо асамԥалгьы еиуеиԥшым ҵиаатә орнаментла ирԥшӡоуп. Иара убасгьы акомплект иацуп аҽуапа.

© Sputnik Анжелика БенияКожаное мужское седло с серебряными украшениями, изготовленное в 1907 году.
1/3
Кожаное мужское седло с серебряными украшениями, изготовленное в 1907 году.
© Sputnik Анжелика БенияКожаное мужское седло с серебряными украшениями, изготовленное в 1907 году.
2/3
Кожаное мужское седло с серебряными украшениями, изготовленное в 1907 году.
© Sputnik Анжелика БенияКожаное мужское седло с серебряными украшениями, изготовленное в 1907 году.
3/3
Кожаное мужское седло с серебряными украшениями, изготовленное в 1907 году.
1/3
Кожаное мужское седло с серебряными украшениями, изготовленное в 1907 году.
2/3
Кожаное мужское седло с серебряными украшениями, изготовленное в 1907 году.
3/3
Кожаное мужское седло с серебряными украшениями, изготовленное в 1907 году.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0