Оҭырба: аԥыза-министр ԥхьатәара дцароуп

© Sputnik Томас ТхайцукАстамур Отырба
Астамур Отырба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥснычаи" уаанӡатәи адиректор хада Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ачаиаарыхра ԥеиԥшқәаны иамоу ртәы шибо.

АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥыза-министр Артур Амқәаб ԥхьатәара дцароуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥснычаи" уаанӡатәи адиректор хада Асҭамыр Оҭырба.

"Сара иахьынӡаздыруа ала сара смаҵура самхуп. Аусӡбараҟны зегь ҳаиҟараны ҳаҟазар ахьакәу Артур Амқәабгьы имаҵура шьҭеиҵароуп", — иҳәеит иара.

Оҭырба еиқәырҽаҽо мцуп ҳәа азиҳәоит "Аԥснычаи" иатәыз аԥарақәа ихатәитәызшәа ауаа иахьрыларҵаз.

"Сара иазгәасҭар сҭахуп, аус ахьызуазаалакгьы ахаангьы џьара акы шыстәысымтәыц. Сара исыԥхьаӡоит аԥарарҳара еснагь иулшоит ҳәа. Сара иахьабалак, избалак срыдҳәылом. Убри азы, акы зӷьычызшәа, ак сфазшәа ирҳәо зегьы ҵаҵӷәыдоуп", — иҳәеит иара.

Иара ишиҳәо ала "Аԥснычаи" афинанстә усура аганахьала изныкымкәа аҳасабырбақәа ҟаиҵахьан.

"Сара аҳасабырба ҟасҵахьан Урыстәыла Аԥхьаӡаратә палата аҿаԥхьагьы. Аиҳабыра сара 90 миллион мааҭ сфеит рҳәеит. Иабантәиаагоу 90 миллион мааҭ. Иацымкәа иагымкәа? Аәгьы аҭак сиҭом. Сара исҳәар сылшоит – сӷьычҩым. Аҽаӡәы аҽакала иԥхьаӡозар, ишьақәирӷәӷәааит ииҳәо", — иҳәеит Оҭырба.

"Аԥснычаи" ԥасатәи адиректор Оҭырба аӡбарҭаҟны ихала ихы ихьчоит

Иара убасгьы иациҵеит иара иганахьала ихырту ашьаус "Аԥснычаи" аҟны аекономикатә еилагарақәа ракәӡам изыдҳәало, 2015 шықәса цәыббра 7 рзы АРСМИРА иасҭаз аинтервиу ауп ҳәа.

"Сиршәап ҳәа аӡәы игәы иаанагозар, дажьеит. Амчрақәа иахәҭоу алкаақәа ҟарҵар еиӷьуп" инаҵшьны иазгәеиҭеит Оҭырба.

Асҭамыр Оҭырба иара убасгьы иҳәеит "Аԥснычаи" адиректор хада имаҵураҟынтәи ихы дшақәиҭтәу ала документ шимбац.

"Сара издыруеит усеиԥш ақьаад шыҟоу аха ссылала исымбац. Убри азы исшьоит – макьана сусура самхым ҳәа", — ациҵоит Оҭырба.

Иара иазиԥхьаӡоит ачаи аусхк аҳәынҭқарратә дгылара аиур аекономикатә ҿиаразы хра аманы иҟалоит ҳәа.

"6 нызқь гектар ачаи ҳамазар 2 нызқь рҟынӡа усурҭатә ҭыԥгьы ҳауан. Аӡәгьы даҳԥырхагамхар ари аусхк ареспублика аекономиказы афеидара аиуртә иҟалон", — иҳәеит иара.

Ҟәырасқәуа: Оҭырба иҿагылоу аус хацыркуп ААР (МВД) арапорт ала

2015 шықәса цәыббра 7 рзы АРСМИРА иеиҭаз аинтервиу аҟны Асҭамыр Оҭырба иҳәеит Аԥыза-министр аилак апроблемақәа аҭыԥ рықәҵаразы ахашәала ахәҭак иоурц шиҭахыз.

Иара иазгәеиҭеит ари ахҭыс ауаажәларра ирдырыртә изыҟаиҵаз атәыла анапхгараҟны иҟоу аҭагылазаашьа ауаа ирдыруазарц ахьиҭаху азы шакәу.

2015 шықәса цәыббра 7 рзы Асҭамыр Оҭырба АРСМИРА иеиҭаз аинтервиу ашьҭахь Аԥыза-министр аҳәамҭа ҟаиҵеит аусӡбара деиҭарц игәы ишҭоу азы.

Цәыббра 17 рзы Аԥсны Апрокуратура хада азин ҟанаҵеит "Аԥснычаи" уаанӡатәи адиректор хада Асҭамыр Оҭырба иганахьала ашьаус ахыртра.

Ажәабжьқәа зегьы
0