Ладариа: амузеи аҟны аргыларатә усқәа рхыркәшаразы Гәдоуҭа аԥара амам

© Sputnik Томас ТхайцукГәдоуҭа
Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ахада Руслан Ладариа еиҭеиҳәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аргылараҿы ауадаҩрақәа шыҟоу.
Ладариа: амузеи аҟны аргыларатә усқәа рхыркәшаразы Гәдоуҭа аԥара амам

АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҟны аргыларатә усқәа рхыркәшаразы Гәдоуҭа араион аԥара амам, иҳәеит Гәдоуҭа араион ахада Руслан Ладариа.

"Аргыларатә усқәа Аԥсны ахадара имҩаԥнагон, ҷыдала Акультура аминистрра рнапы ианын ари аус. Аргыларатә усқәа рхыркәшаразы иаҭахуп 80 миллион мааҭ. Урҭ аԥарақәа ҳраион иамам амузеи ҳаргылартә еиԥш", — ациҵеит уи.

Ладариа иажәақәа рыла, аргыларатә усқәа рынагӡаразы Гәдоуҭа араион ахадара ашәҟәы рнапаҵаҩра аҭахны иҟаӡам. Уи атәы далацәажәон амузеи аҵәахҩы хада Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

Гәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп

"Амузеи ахьгылоу аҭыԥ аҟны адгьыл шәаны-изаны, акт ҟаҵаны Валери Малиа араион ахадас даныҟаз ақьаад инапы аҵаиҩит, уи ара администрациаҿы иҟоуп. Гәдоуҭа араион анапы ианыз адгьыл аус ауп. Амузеи зыргылоз ҳара ҳакәӡам, Аԥсны ахадара ауп", — иҳәеит Ладариа.

Руслан Ладариа иажәақәа рыла, араион ахадара изныкымкәа атәыла ахадара рахь аҳәара ҟарҵахьеит амузеи аргылара нагӡахарц азы.

"Апрезидентгьы илымҳа иҭаҳшьхьеит изныкымкәа, иҩынтәымкәа, ибзианы идыруеит. Уажәааигәа ара дыҩналаны игәеиҭеит", — азгәеиҭеит уи.

Ладариа излаиҳәаз ала, Рауль Ҳаџьымба араион ахадареи амузеи аусуаҩцәеи ақәиргәыӷит амузеи аекспонатқәа ԥхасҭамхарц азы иаарласны уи ахәҭак аргылара нап шаркхо.

Гәдоуҭа иҟоу Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи жьҭаара 27 рзы 20 шықәса ахыҵуеит.

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаГәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа:  Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа: Гәдоуҭатәи амузеи аекспонатқәа аԥхасҭахара иаҿуп
Ажәабжьқәа зегьы
0